Апрокурор Хада инапынҵақәа назыгӡо Дамир Кәыҵниа азинхьачаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа ркоординациатә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны иарбоу аҭагылазашьа аҭҵааразы ажәалагала ҟаиҵеит.
Дамир Кәыҵниа иажәақәа рыла, иарбоу акоординациатә еилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны зыӡбахә ҳәоу ахҭысқәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәазар алшоит.
«Апрокуратура аганахьала иахәҭоу аусура зегьы мҩаԥгахоит. Агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа зегьы, аҭҵааратә усмҩаԥгатәқәа хымԥада инагӡахоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Роберт Киут иҟоу аҭагылазаашьазы адырра ҟаиҵеит.
Аминистр иажәақәа рыла, жәабранмза 16 рзы атәылауаҩ Самвел Дашьиан ахәышәтәырҭа дадҵаалеит аԥҟара иахҟьаны иоуз ахәахәара ахыхра азы.
«Ахәахәарақәа рхыхра апроцедура амҩаԥгараан амилициа аусзуҩцәа рыҟазаара ахьхымԥадатәиу инамаданы, урҭ ахәышәтәырҭа ахь инеины иара иҿцәажәеит. Аиҿцәажәараан Самвел Дашьиан иҳәеит иара дзыԥҟаз иашьцәа, ижәлантәиқәа шраку. Арзаҳал иара макьаназы иалеимҵаӡацт, аха ҳара иахьа аматериалқәа еиқәыршәаны Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша ахь идәықәаҳҵоит», – ҳәа иҳәеит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо.
Аԥсны иқәынхо аерманцәа Рхеилак аофициалла иҟанаҵаз аҳәамҭа акәзар, уи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахь имнеиӡацт, аха, Роберт Киут ишиҳәаз ала, Аминистрра аҿы уи азхьаԥшра аҭара иазхиоуп.
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо аҵыхәтәантәи аамҭазы аерман уааԥсыра рганахаьла иҟалаз ахҭысқәа рышьҭахь аерманцәа рҽеидкыланы иахьынхо аиланхарҭақәа рҿы ахылаԥшра арӷәӷәара азы аӡбамҭа шрыдыркылаз азы Валери Бганба адырра ииҭеит.
«Иахантәарак ҳара ҳоперативтә гәыԥқәа аус руан. Ари аус хымԥада иацҵахоит ауаа ҭынч анхаразы аҭагылазаашьа роурц азы. Џьара уадаҩрақәак цәырҵыр, ҳара ишахәҭоу ала уи аҭак ҟаҳҵоит», - ҳәа иҳәеит Роберт Киут.
Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Кәычбериа Аерманцәа Рхеилк ахантәаҩы иҟынтәи арзаҳал иахьа ашьжьымҭан Амаҵзура ахь инеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара ҳаҟәшеиҵақәеи апрокуратура Хадеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи рҟынтәи ҳколлегацәа рыцхыраарала аусеилыргара мҩаԥаагоит. Иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы мҩаԥгахоит. Атәылауаа рыршәара акәзар, уи азы иақәнагәо аусмҩаԥгатәқәа мҩаԥаагоит», – ҳәа иҳәеит иара.
Дмитри Кәычбериа абжьҭаҩрақәа ҟазҵаз рышьақәырӷәӷәара акыр иуадаҩуп, избан акәзар урҭ алазырҵәаз иажәақәа мап рцәикуеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ауаа џьаргьы имцаӡеит, урҭ ара, доусы рҭыԥқәа рҿы иҟоуп. Уи шәара шәусура ауп, шәара шәоуп уи еилзыргаша. Дарбанызаалак иажәақәеи иусқәеи рзы аҭакԥхықәра наигӡозароуп», – ҳәа иҳәеит Валери Бганба.
Валери Бганба ахинхьчаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы даҽа иааԥхьарагьы иадҳәалоу аҭагылазаашьа еилдыргарц аҳәара ҟаиҵеит. Иарбоу аҳәамҭа аҿы еиуеиԥшым ажәалагалақәа ҟаҵоуп, хаҭала иара иҩныҟа инеины азҵаара аӡбаразы ажәалагалагьы уахь иналаҵаны.
«Сара шәара Аерманцәа Рхеилак ахантәаҩы шәиазҵарц сҭахуп Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо иҿы днеины иара ари азҵаара ӡбашьас иаиҭарц иҭахыз ҳәа», – иҳәеит Валери Бганба.
Валери Бганба иажәақәа рыла, асоциалтә ҳа аинтернет аҿы иҭоуп иара иҭаацәа, иԥацәа ацәҳаратә лексика ахархәарала рықәмақарра зныԥшуа абжьҭаҩрақәа.
«Сара ишсарҳәаз ала, уи Гагра ақалақь аҿы инхо Геннади Анқәаб иоуп. Иара иаби сареи ибзианы ҳаибадыруеит, ибзианы ҳаизыҟоуп, пату еиқәаҳҵоит. Иара сара сԥацәа рганахьала ишакәым дцәажәеит. Сара исҭахуп агәаҭарақәа раан шәара иара убас еилышәкаарц сыҷкәынцәа џьара штабқәак ирылоума, џьара алхратә процесс рхы аладырхәуама, џьара аӡәы изы агиатациа мҩаԥыргома, мамзаргьы уи зегьы мцу», - ҳәа иҳәеит Валери Бганба.
Валери Бганба иара убас Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Зураб Каџьаиа иахь ихы рханы мызкы еиҳаны аԥхьа ԥсшьара ҳәа ицаз аусзуҩцәа русурахь изыхнымҳәуазеи ҳәа азҵаара ҟаиҵеит.
«Шәахәаԥш аусурахь имныҟәо арбану. Алхрақәа актәи атур аан ҳара Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аусзуҩцәа уи азы азин шрымамызгьы алхратә штабқәа русура рхы ахьаладырхәуаз ҳалақәа аҳаркит. Шьҭа аҩбатәи атур азы аҳәынҭқарратә усзуҩцәа рыда аштабқәа рыдгылаҩцәа еидыркылап, ирылшап ҳәа сгәы иаанагоит аусура. Иалагааит шьҭа рмаҵуратә уалԥшьа анагӡара, ҳтәыла аизҳазыӷьаразы аусура нап адыркааит», – ҳәа иҳәеит Валери Бганба.