«Асы еиҭа иацнаҵарц агәы иҭоуп, ус ианыҟала - амҩа ркхоит. Ҳауаажәлари ҳасасцәеи ашәарҭара иҳазҭаргылом», – ҳәа иҳәеит иара. Аӡиа Риҵа иахьаҵанакуа ишьҭало асы аҿыгҳара лассы-лассы метрак аҟынӡа инаӡалоит, асы зқәу амҩақәа рыла аныҟәара ашәарҭара аҵалоит. «Ҳара апарк аҭааҩцәа зегьы ршәарҭадара ҳасаб азуны аус ааулароуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Ҭенгиз Џьергениа. Уи апарк аспециалистцәа рабжьгарақәа рықәныҟәара шхымԥадатәиу азгәеиҭеит.
Азгәаҭарақәа ииашахеит – амшцәгьа иахҟьаны Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк ахь анеира азы апкрақәа аларгалеит.
«Амҩа макьана иаркӡам, аха асы илеиуа уаха иацнаҵар, ҽнак раҟара иаҳаркыр акәхоит»,- ҳәа иҳәеит Џьергьениа.
Иҟоу адыррақәа рыла, уахыки ҽнаки рыла илеиуа асы аҿыгҳара метраки бжаки рҟынӡа инеир алшоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аҭааҩцәа уеизгьы апарк аҭалара рҽазыршәоит, аха аужьҭра-гәаҭаратә парк аҿы аныҟәарақәа апкрақәа ралагаларазы адҵа роухьеит.
«Уажәы зегьы ирыцку атуристцәеи аҭыԥантәи ауааԥсыреи доусы рыҩныҟақәа рҿы иаанхарц ауп. Ҳара аусурақәа мҩаԥаагоит. Иара уажәгьы, амашьынақәа хало иалагар, амҩақәа ррыцқьара ҳшаҿу, ҳаиԥырхагахоит. Асы илеиуа даара ихьанҭоуп. Амахәҭақәа ихжәақәаз ыҟоуп. Машәырк ҟамларцаз, аҭагылазаашьа еснагь ахылаԥшра аҳҭоит, амшцәгьа аҽарӷәӷәар, усҟан мышкы еиҳаны Риҵаҟа амҩа аҳаркыр акәхоит. Зегьы зыдҳәалоу амш зеиԥшрахо, уи аҽшеиҭанакуа ауп», - ҳәа иҳәеит риҵатәи ареликттә милаҭтә парк абнахьчаҩ хада Ҭенгиз Џьергениа.
Ҭенгиз Џьергениа иара убас атуристцәа ргәырҽаницоит амҩа иқәлаанӡа амҩан ауадаҩрақәа ирықәымшәарц азы амш зеиԥшрахо еилыркааларц.
́