Аԥсны аҵара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Ада Кәарҷелиа ари Аԥсны аҵара Аминистрра шьҭа абжьынтәраан имҩаԥнаго аӡәынтәи ашкол ауп ҳәа еиҭалҳәеит. «Апроект Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсни рҟынтәи арҵаҩцәа рыбжьара аԥышәеимадара, аидеиа ҿыцқәа рӡыргара азы зеиӷьаҟам алшара аԥнаҵоит. Ари ашкол абазаҿы иаԥҵоуп амедицинатә класс. Уи арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи рзы аҵаратә процесс еиҳа игәылҭәааны, еиҳа аинтересс аҵаны иҟазҵо амедицинатә електронтә маникенқәа реиԥш иҟоу аҵаратә технологиқәа рбаразы алшара аԥнаҵоит», - ҳәа илҳәеит лара.
Жәларбжьаратәи ашкол аус аулоит жәабранмза 19 аҟынӡа абарҭ ахырхарҭақәа рыла: абиологиа, агеографиа, ахимиа.