
pressadmin-2
Инал Габлиа Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуа аҵара аминистрцәа Жәларбжьаратәи рфорум ихы алаирхәуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҵара аминистр Инал Габлиа рашәарамза 10 – 12 рзы Казань ақалақь аҿы имҩаԥысуа аҵара аминистрцәа аҩбатәи Жәларбжьаратәи рфорум «Ԥхьатәи аԥеиԥш ашьақәыргыла» («Формируя будущее») ихы алаирхәуеит.
Афорум аусутә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны алахәылацәа жәларбжьаратәи аҵара асистема, аҵак дуқәа рсистема, ааӡара, аҵара ахаҭабзиареи уи аиура алыршареи иадҳәалоу актуалра злоу апроблемақәа ирылацәажәараны иҟоуп. Иара убас урҭ аекономика аҿиара аус аҿы аҵарадырра инанагӡо ароль, аҿари згәабзиара алшарақәа ԥку ахәыҷқәеи аус рыдулара иаҵоу аҷыдарақәа, уҳәа атемақәа рыла ргәаанагарақәа еибырҳәоит.
Афорум ахь ааԥхьара роуит 100-ҩык инареиҳаны аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рхаҭарнакцәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп 20-ҩык рҟынӡа абжьаратәии иреиҳаӡоуи аҳәаанырцәтәи аҵара аминистрцәа.
Аԥснытәи аделегациа Жәларбжьаратәи аҿартә економикатә форум иалахәын.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аделегациа Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуаз Жәларбжьаратәи аҿартә економикатә форум иалахәын. Традициатәла аҿартә форум мҩаԥысуеит Петербургтәи Жәларбжьаратәи аекономикатә форум аҵыхәтәантәи амш азы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аԥснытәи аделегациа аилазаара иалалеит Шарытхәа Ҭаниа, Мирани Киреи Ӷәынџьиеи.
Аҿар рымш ихадоу аусмҩаԥгатәқәа иреиуахеит жәларбжьаратәи асессиа «Аҳәаақәа рныхрала: аусдкылаҩ ҿарацәа жәларбжьаратәи реимадара аҿиара» («Стирая границы: развитие международных связей молодых предпринимателей»). Асессиа иалахәыз хәажәкырамза 1 – 7, 2024 шықәса рзы афедералтә ҵакыра «Сириус» аҿы имҩаԥысыз Адунеизегьтәи аҿар рфестиваль жәларбжьаратәи аҿартә усеицура аҿиара аганахьала акыр зҵазкуа импульсны иҟоуп ҳәа агәаанара аҿы еиқәшаҳаҭхеит.
Алеқсандр Анқәаб урыстәылатәи аруаа аҳәаахьчаҩ Имш рыдиныҳәалеит.
Аҟәа. Лаҵарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа анапхгаҩы, аинрал-маиор Иури Кудимов аҳәаахьчаҩ Имш идиныҳәалеит.
«Ареспублика Аԥсны Анапхгареи, хаҭала сара сыхьӡалеи Шәара аԥхьа шәнаргыланы, Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа ахатәы еилазаареи гәык-ԥсыкала ишәыдысныҳәалоит аҳәаахьчаҩ Имш.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа алахәылацәеи Аахыҵ Уаԥстәыла Ахадеи Апарламент ахантәаҩи реиԥылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент ахь алхрақәа рымҩаԥгара аҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи жәларбжьаратәи анаԥшра аҭара азы Аахыҵ Уԥстәылаҟа ицаз Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа рыдыркылеит Ареспублика Ахада Алан Гаглоеви Апарламент Аиҳабы Алан Алборови.
Аҳәынҭқарра Ахада асасцәа ареспублика азы акыр зҵазкуа аусмҩаԥгатә рхы ахьаладырхәуа азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иара Аахыҵ Уаԥстәылеи аиашьаратә Аԥснытәи Ареспубликеи ирыбжьоу аҳәынҭқаррабжьаратәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа аринахысгьы рырӷәӷәара, аҳәынҭқарратә усхкқәа зегьы рыла аусеицура арҿиара шымҩаԥысло азгәеиҭеит.
Ахәҭакахьала, асасцәа Аахыҵ Уаԥстәыла Ахада иҟынтәи ироуз адкылара бзиа азы иҭабуп ҳәа иарҳәеит. Урҭ иазгәарҭеит алхрақәа рымҩаԥгара иҳараку аҩаӡараҿы ишымҩаԥысуа, насгьы алхыҩцәа активла алхрақәа ишрылаху.
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа ирылахәуп.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент ахьӡала жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа амҽыша, рашәарамза 9 рзы имҩаԥысуа Аахыҵ Уаԥстәыла Апарламент ахь алхрақәа ирылахәуп.
Аԥснытәи адепутатцәа Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент ахантәаҩы Алан Алборов иҟантәи ааԥхьара роуит.
Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп Жәлар Реизара-Апарламент жәларбжьаратәи, апарламентбжьаратәи аимадарақәеи аџьынџьуаа рымадареи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Ахра Ԥачлиа, аекономикатә политика, ареформақәеи аинформациатә технологиақәеи рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Бадрик Ԥлиа, аҳәынҭқарра-зинтә политика азы Аилак алахәыла Ерик Рштуни, иара убас Апарламент Аиҳабы азинтә зҵаарақәа рзы иабжьгаҩ хада Денис Киут.
Рашәарамза 9 рзы – Жәларбжьаратәи архивқәа Рымш азгәарҭоит.
Аҟәа. Рашәарамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Абҵарамза, 2007 шықәсазы Квебек имҩаԥысуаз Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада аҿы Жәларбжьаратәи архивқәа Рхеилак ала иаԥҵаз Жәларбжьаратәи архивқәа рымш есышықәса, рашәарамза 9 рзы иазгәарҭоит. Ари азанааҭтә ныҳәа анаҩсгьы, архивтә ус аҿы ицәырҵуа апроблемақәеи аихьӡарақәеи ауаажәларра разхьарԥшра хықәкыс иаҭаны ишьақәыгылаз агәалашәаратә рыцхә ауп.
Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив анапхгаҩы иха-ҭыԥуаҩ Дмитри Еныкь Аԥсныпресс акорреспонт диҿцәажәо архивтә усбарҭа аусура, уи иамоу асаит, иара убас аирашәҟәытә (аметрикатә) уахәаматә материалқәеи дрылацәажәеит.
Иарбан усуроу, насгьы хықәкыс иамоузеи архив инанагӡо аусура? Уи иажәақәа рыла, аиҳарак инарыгӡо аусура аматериалқәа реизакреи рыҵәахреи ауп изызку.
«Атәыла аҿы иҟоу аиҿкаарақәа русуа аҟынтәи аусшәҟәқәа рацәаны иаанхоит, урҭ ирнылоит аусуратә хырхарҭақәа зегьы – адҵақәа инадыркны аҳасабырбатә ҳасаббара аҟынӡа. Урҭ зегьы ишьақәыргылоу ашықәсқәа ирылагӡаны аҵәахра ахәҭоуп, избан акәзар, ауаҩы иаҳҳәап, атәанчарахь даниасуа иџьашықәс ашьақәырӷәӷәара иҭаххар ауеит. Убарҭ аусшәҟқәа реиҿкаареи рыҵәахреи ауп ҳара ҳусура иамоу аҵакы», – ҳәа иҳәеит иара.
Даҽа ихадоу хықәкны иҟоуп архив асаит арҭбаара ауп. Иазԥхьагәаҭоуп адокументқәа реиқәырхара хықәкыс иҟаҵаны урҭ рыԥхьаӡацркра. «Архив – даара иконсервативу еиҿкаароуп, ҳара иҿыцу ҳамаӡам, иҟоу аиқәырхара ауп хықәкыс иҳамоу. Ҳара иԥхьаӡацырку аматериалқәа асаит аҿы иаҳкьыԥхьлоит, урҭ рҟынӡа анаӡара адунеи зегьы аҿы иҟоу рзы иалыршахарц азы», – ҳәа иҳәеит Дмитри Еныкь.
Аԥснытәи акоманда VIII аџьынџуаа қәыԥшцәа Адунеизегьтәи рыхәмаррақәа рҿы 7-тәи аҭыԥ ааннакылеит.
Аҟәа. Рашәарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ихыркәшахеит VIII аџьынџуаа қәыԥшцәа Адунеизегьтәи рыхәмаррақәа. Ахәмаррақәа аԥшьбатәи амш аихшьаалақәа рыла Аԥснытәи акоманда иофициалым акомандатә зшьа аҿы 7-тәи аҭыԥ ааннакылеит.
Ахәмаррақәа зегьы реиҳа иқәыԥшу алахәылацәа иреиуоу Нинель Чалукиан астолтә ԥкьаҭмпыл азы аицлабрақәа рҿы 7-тәи аҭыԥ аанылкылеит, Нестор Кәарчиа зегьы иреиӷьу алҵшәақәа аазырԥшыз жәаҩык аспортсменцәа рхыԥхьаӡара далалеит.
Амҵәышәмпыл азы аԥснытәи акоманда аицлабрақәа аҩбатәи амш азы Ҭаџьыкьысҭани Аахыҵ Уаԥстәылеи ркомандақәа алархәны ҩ-хәмаррак мҩаԥыргеит, аҩхәмаррак рҿы аииаира ргеит. Амҵәышәмпыласыҩцәа убасҵәҟьа иреиӷьу алҵшәақәа аазырԥшыз жәаҩык аспортсменцәа рхыԥхьаӡара иалалеит.
Ашахматистцәа рыбжьара Гьаргь Георгииан аиуниорцәа рыбжьара 7-тәи аҭыԥ ааиникылеит, аҭыԥҳацәа рыбжьара 9-тәи аҭыԥ аанылкылеит Лана Гәынба.
Аԥснытәи акоманда қәҿиарала рықәгылара рыдылныҳәалеит Аҳәынҭқарратә Дума адепутат, асовет фигуристка, хынттәи Олимпиатә чемпионка, жәеизантәи Европа ачемпионка Ирина Роднина.
Аспортсменцәа рзы еиҿкаахеит Москва ақалақь аҿы алаԥшхгаратә екскурсиа, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аҿар Третиаковтәи агаллереиа иаҭааит, адунеи зегьы аҿы еицырдыруа аурыс сахьаҭыхыҩцәа русумҭақәа рбеит. Ахәыҷқәа Кремльтәи Ахан аҿаԥхьа иҟоу Аплошьад Ҟаԥшь рбеит, Урыстәылатәи Афедерациа аҳҭнықалақь аҭоурых рзеиҭарҳәеит.
Аспортсменцәа Ахәмаррақәа рахь рцара еиҿнакааит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Ахаҭарнакра.
Лаша Ашәба Аконституциа аиҭакрақәа ралагалара азы: адепутаттә корпус зегьи аекспертцәеи алархәны акыр зымҽхак ҭбаау, аҽадцалара зҭаху аусура ҳаԥхьа ишьҭоуп.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ахәаша, рашәарамза 7 рзы Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытабеи раԥшьгарала «Азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи амчра азы» Аконституциатә закәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аус адулара инамаданы аилацәажәара мҩаԥысит. Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба аконституциатә еиҭакрақәа ирызкыз аилацәажәара шымҩаԥысыз атәы иҳәеит.
«Ари раԥхьаӡа акәны иҟалаз, еиуеиԥшым аамҭақәа рзы ҳтәыла ауаажәларра-политикатә усзуҩцәа зегьы рҟынтәи иҳаҳауаз азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчра реизыҟазаашьақәеи урҭ рыбжьара азинмчы аихшареи ирыдҳәалоу атема алацәажәара акәхеит.
Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект Аԥсны Ахада Аԥсны 2020 шықәсазы Аконституциатә реформазы акомиссиа иҟанаҵаз ажәалагалақәа ҳасаб рзуны еиқәыршәаны Апарламент ахь ахәаԥшразы инаишьҭит. Аиҭакрақәа рыпроект азакәанԥҵара инақәыршәаны иацҵоуп Ареспублика Аԥсны Аконституциатә ӡбарҭа алкаагьы.
Апарламент иарбоу апроект ҭырҵааит, иахьа ҳара Аилак аилатәара аҳәаақәа ирҭагӡаны аспециалистцәеи Аконституциатә реформа азы Акомиссиа алахәылацәеи адыԥхьаланы инарҭбаау аилацәажәара мҩаԥаагеит. Аилацәажәара аан, ҳәарада азҵаарақәа маҷымкәа ицәырҵит, урҭ зегьы хымԥада рҭак ҟаҵатәуп, насгьы иазгәаҭатәуп апроект аҿы имаҷымкәа аԥсахрақәа алагалахар шыҟалоугьы», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Лаша Ашәба
Лаша Ашәба иажәақәа рыла, адепутатцәа иарбоу аусшәҟәы аганахьала имаҷымкәа азҵаарақәа рызцәыҵит. Апарламент аиҳабы зҵаарақәак ҷыдала ахшыҩзышьҭра аиҭеит.
«Иаагозар, Апарламент ақәыршаҳаҭрала аминистрцәа рахаргылара иадҳәалоу анормақәа адепутатцәеи аилацәажәара иалахәыз аекспертцәеи ииашоуп, азакәанԥҵаратәии анагӡаратәии амчрақәа рыбжьара аусеицура аимадара аҩаӡара ашьҭыхра, иара убри ала, жәаҳәарада, аминистрцәа ҭакԥхықәрала рмаҵуратә уалԥшьақәа рызнеиреи русура аиӷьтәреи алзыршо акакәны иҟалоит ҳәа ирыԥхьаӡеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Лаша Ашәба.
Аслан Бжьаниа: «Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа активла аҿиара иаҿуп».
Аҟәа. Рашәарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аслан Бжьаниа: «Аԥсни Урыстәылеи реизыҟазаашьақәа активла аҿиара иаҿуп, амилаҭтә закәанԥҵарақәа реишьашәалара мҩаԥысуеит, ҳәа «РИА Новости» аинтервиу аҭо инаҵшьны иазгәеиҭеит Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум зхы алазырхәо Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Ҩ-тәылак реизыҟазаашьақәа аҿиара бзиа рымоуп, аха убри аан иҟаҵатәугьы рацәоуп, ҳәа иҳәеит атәыла Ахада. Уажәы Аԥсни Урыстәылеи рмилаҭтә закәанԥҵарақәа реишьашәалара иаҿуп», – ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.
Аԥсны Ахада иара убас Аԥсны аекономика иалало урыстәылатәи аинвестициақәа ирзыԥшуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара ҳаизыҟазаашьақәа аусхкқәа зегьы рҿы рырӷәӷәара азы аусура мҩаԥаагоит. Ҳәарада, уи ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоу – Аԥсны аекономика ахь урыстәылатәи хазхаҭалатәи аинвестициақәа роуп. Ҳара аурыс капитал Аԥсны иҟазарц ҳҭахуп», – ҳәа Аслан Бжьаниа иажәақәа аанагоит «РИА Новости».
Иара Аԥсны атәыла аԥеиԥш ҩ-ҳәынҭқаррак-Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи ԥхьаҟатәи рыиашьаратә ԥеиԥш аҳасабала иахәаԥшуеит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Убри аҟнытә ҳара ҳаидызкыло аимадарақәа зегьы ҳарӷәӷәалоит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа. Аԥсны хыԥхьаӡара рацәала атуристцәа рыдкылара иазхиоуп. Сынтәа иҳаҩсыз ашықәс азы аасҭа ирацәаны атуристцәа Аԥсны иаҭаап ҳәа агәыӷра ыҟоуп. Атуризм Аминистрра заанаҵтәи адыррақәа рыла, аԥхынтәи амзақәа рзы Аԥсныҟа иаар ҟалоит 1,15 миллионҩык атуристцәа, урҭ рҟынтәи 40% — Шәачантәи мышкы ҳәа иаауа аԥсшьаҩцәа роуп.
Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә гәаҭара армариазы аусура мҩаԥысуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылеи Аԥсни рҳәаахьчаратә гәаҭара армариазы аусура мҩаԥысуеит. Убри аан Аҟәа мышкы зны ҳҳәааҿы аушьҭырҭа анықәгахо аизыҟазаашьақәа рҟынӡа ҳнеип ҳәа агәыӷра рымоуп. Абри азы Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум - 2024 аҿы «РИА Новости» аинтервиу аҭо адырра ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
«Аҳәаахьчаратә гәаҭара армариазы аусура мҩаԥысуеит, аха Ԥсоу аӡиас ала иҟоу аҳәынҭқарратә ҳәаа, Урыстәыла аганахьала иҟоу аушьҭырҭа аԥхынтәи аамҳахәҭа - ԥхынгәымза, нанҳәамза, цәыббрамза рзы уаҳа налымшо аус ауеит. Автомашьынақәа ргәаҭара аушьҭратә ҭыԥ «Адлер» акурорттә аамҭазы иамоу ахьанҭара аантәы еизҳауеит. Краснодартәи атәылаҿацә аҳазалхырҭа адыррақәа рыла, аԥхын аԥсшьарамшқәа раан 11 нызқь инареиҳаны амашьынақәеи 60 нызқьҩык ауааԥсыреи аҩ-хырхарҭак рыла иахысуеит», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.