«Ареспублика Аԥсны аҿар Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» апроектқәа рхы аладырхәуеит. Агәра сгоит, ареспублика атәылауаа апрофессионалтәи хаҭашьалатәи ашьақәгылара иазырхоу апроектқәа рахь ирымоу аинтерес есааира ишазҳало. Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра иҳаухьоу аихьӡарақәа рырҿиареи ҳапроектқәа иҿыцу алахәылацәа радыԥхьалареи алнаршоит», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» анагӡаратә директор, анапхгараҭаратә ҟазарҭа «Сенеж» аректор Андреи Бетин.
Аиқәшаҳаҭра иара убас Ареспублика Аԥсны аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» рыбжьара аԥышәеимадареи иреиӷьу апроектқәа рыла аимадареи азԥхьагәанаҭоит.
Аиқәшаҳаҭра акоммуникациақәа русхкы аҿы аусеицура ахәаақәа рырҭбаареи, аусеицуреи уи алҵшәақәеи амассатә информациа ахархәагақәа рҿы раарԥшреи иазырхоуп.
Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра ацеремониа рхы аладырхәит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа (РАНХиГС) аректор Алексеи Комиссарови аҿар русқәа рзы Афедералтә Маҵзура анапхгаҩы Григори Гурови. Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра мҩаԥысит аҿар русеицура аҿиара аганахьала Ареспублика Аԥсны иаҭааз урыстәылатәи аделегациа авизит аҳәаақәа ирҭагӡаны.
*** Аинформациатә еилыркаа
Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» аԥҵан Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин иаԥшьгарала лаҵарамза 22, 2018 шықәса рзы. Аплатформа амиссиа – дарбанызаалак изы еиҟараны алшарақәа раԥҵарала Урыстәыла аԥеиԥш ачаԥара. Аплатформа дарбанызаалак ауаҩы, дахьынхозаалакгьы, занааҭс имазаалакгьы, дахьызҳаз иҭаацәа зеиԥшразаалакгьы, аҿиаразы алшара аиура аҿы ицхраауеит. Ари қәрала еиуеиԥшым аҟыбаҩ злоу ауаа рзы иаарту плошьадкоуп, араҟа аԥышәеимадара рыбжьалар алшоит ашколхәыҷқәа, астудентцәа, апрофильтә специалистцәа, анапхгаҩцәа, аволонтиорцәа, уҳәа зегьы. Аплатформа ахылаԥшратә хеилак «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» напхгара аиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин.
Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» абар шьҭа 6 шықәса аус ауеит, ари аамҭа аҩныҵҟа Урыстәыла 89 региони адунеи 150 тәылеи рҟынтәи ауаа уи апроектқәа рхы аладырхәит. Аплатформа апроектқәа, аконкурсқәа, аолимпиадақәа, еиуеиԥшым аҵарадырратә программақәа рылахәхара иабзоураны хра злоу аимадарақәа рыбжьаҵареи аицҿакыҩцәа рыԥшаареи аԥышәа аиуреи аперспективра злоу аԥышәахысреи акариера аҟаҵареи угәахәтәы анагӡареи, уҳәа амедиадгылара аиура, агрант аиааира, аԥызатә ҟазшьқәа рырҿиареи азанааҭтә ҟазара аҩаӡара ашьҭыхреи рҿы ацхыраара узҭо персоналла абжьгаҩ иоура, уҳәа алыршахоит.
Иахьа аплатформа аҿы ирыдыргылоит қәрала еиҟарам, еиуеиԥшым аинтерессқәа змоу ауаа – ашколхәыҷқәа инадыркны аԥышәа змоу анапхгаҩцәа рҟынӡа, апрофильтә специалистцәеи аусутә занааҭқәа змоуи рзы, акадртә резерв ахаҭарнакцәеи уи алалара згәы иҭоуи рзы апроектқәеи аконкурсқәеи.
Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵоуп анапхгараҭаратә ҟазарҭа «Сенеж». Уаҟа аҵара иахысуеит аплатформа апроектқәеи аконкурсқәеи ирылахәыз, активра злоу аҿар, иара убас анапхгаҩцәеи аҳәынҭқарратә маҵзурауааи. Аҟазарҭа ихадоу аусхкқәа хԥа: аҳәынҭқарра, абизнес, ауаажәларра рнапхгараҭаратә еилазаара аконсолидациа ацентр аҳасабала иқәгылоит.
Аҟазарҭа иахьаҵанакуа урыстәылазегьтәи аҵарадырратәи аҿартә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит, Урыстәылатәи аҿартә аҵарадырратә форум «Территория смыслов» уахь иналаҵаны.
Атәыла иԥхьагылоу аҵараиурҭақәа рбазала Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» акомпетенциақәа Рцентрқәа еиҿнакаауеит, уаҟа астудентцәа рзанааҭтә дырра ахыхь рхаҭашьатә ҟазшьақәа рдиагностика иахысуеит, урҭ рыҿиаразы аинструментқәа (амҩақәҵагақәа) роуеит. Ауниверсалтә компетенциақәа рганахьала зыхә шьоу аспециалист ҿарацәа иреиҳау урыстәылатәи онлаин-рекрутинг аплатформа «HeadHunter» аҿы рдыррақәа шьақәдырӷәӷәар алшоит.
Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» аофисқәа Донецктәи Жәлартә Республикеи Лугансктәи Жәлартә Республикеи рҿы аус руеит. Уаҟа иҟоуп арккаратә усмҩаԥгатәқәа рзы алекториақәа, аинформациатә центрқәа, иара убас Донбаси Новороссиски ауааԥсыра рзанааҭтәии рхаҭашьатәи аҿиара азы инацҵаны алшара рызҭо аусеицура азонақәа.