Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзурагьы ирӷәӷәоу аусура арежим ахь ииагоуп, ҳәа адырра ҟаиҵеит Амаҵзура ахантәаҩы инапынҵақәа назыгӡо Дмитри Кәычбериа.
«Алхрақәа ҭышәынтәаланы амҩаԥгара, ашәарҭадара ашьақәыргылара азы аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара иазку аусмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит Дмитри Кәычбериа.
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭа апровакациақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы аҳәаа ахьчареи аҳәаа иахысуа ргәаҭареи арӷәӷәара азы анапынҵақәа риҭеит.
Апрокурор Хада ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Руслан Ҭарба апрокуратура аусзуҩцәа алхратә кампаниа зегьы иалагӡаны, иара убас алхрақәа рымҩаԥгара амш аҽны апрокуратура ахь инашьҭхо арзаҳалқәеи ашшабӷьыцқәеи иаамҭаны азхьаԥшра аҭара шалдыршо азгәеиҭеит.
Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Владимир Ануа ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы ахь абиуллетеньқәа рнагара аиҿкаара аҿы ацхырааразы Алхратә комиссиа Хада аҟынтәи аҳәара ҟаҵоуп ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Валери Бганба аруаа рыбжьаҭара шеиҿкаахо дазҵааит.
Владимир Ануа аруаа зегьы доусы иахьынхо, ашәҟәы иахьҭаҩу аҭыԥ аҿы рыбжьы арҭоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
Атәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Шамба Аминистрра аҳәаанырцәтәи анаԥшыҩцәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа рыӡбара алнаршоит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Ҩажәа тәыла рҟынтәи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа арзаҳалқәа аларҵахьеит анаԥшыҩцәа раҳасабала алхрақәа рылахәхара азы.
«Ҳара адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ҳацырхыраны дара (жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа – аред. АП азгәаҭара) ихымԥадатәиу адокументқәа рыла еиқәыршәазарц, урҭ реиҳарак транзит ҳасабла Урыстәылатәи Афедерациа иалсны иахьаауа инамаданы, жәабранмза 15 рзы алхрақәа рҿы анаԥшыҩцәас рылахәхара рылшарц азы иахәҭоу зегьы ҟаҳҵоит», – ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.
Уи иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Елла Памфилова ҭелла дышлыцәжәаз атәы иҳәеит. Лара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩ иаҳасабала рылахәара азы Аԥсны АКХ илынаҭаз ааԥхьара азы иҭабуп ҳәа лҳәеит.