АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жәабран.2025

Урыстәылатәи аспециалистцәа аԥснытәи ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагоит.

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иҟоу ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчаразы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаара-дырратә Центр адгыларала Аԥсны раԥхьаӡа акәны, жәабранмза  12, асааҭ 9 инаркны аԥснытәи ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагоит, ҳәа агәабзиарахьчара Аминистрра аҿы имҩаԥгаз абрифинг аҿы адырра ҟаиҵеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба.

Уи иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа агәабзиарахьчара Аминистрра аҟны иҟоу ахәыҷқәа ргәабзиара ахьчаразы Амилаҭтә медицинатә ҭҵаара-дырратә Центр аҟынтәи иаахьеит Аԥсныҟа 10-ҩык аспециалистцәа: ахәыҷтәы  уролог-андролог, ахәыҷтәы хирург, аневролог, аотоларинголог, аофтальмолог, апсихиатр, аендокринолог, апедиатр, аультрабжьытә диагностика аспециалист, акардиолог.

Урыстәылатәи аҳақьымцәа раԥхьа Аҟәатәи 10-тәи Ашьхарыуаа рышкол ала ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа мҽхакы ҭбаала амҩаԥгара иалагоит. Анаҩс Аԥсны ахи-аҵыхәеи  ақалақьтә школқәа реиԥш ақыҭашколқәагьы рҿы, иааизакны 30 нызқьҩык ашколхәыҷқәа ирыхәаԥшуеит.

Едуард Быҭәба иажәақәа рыла иааиуа амчыбжь азы Урыстәылантәи аҩбатәи абригада аара иазыԥшуп. Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп хәба-быжьба аҳақьымцәа рыбригадақәа раара. Апроект лаҵарамза нҵәаанӡа аус ауеит. Абригадақәа ирылахәхоит аԥснытәи аспециалистцәагьы.

«Иааиуа амчыбжь азы иаараны иҟоуп даҽа бригадакгьы, урҭ 10-ҩык аспециалистцәа рыла еибыҭоуп, дара Аԥсны еиуеиԥшым араионқәа рҿы аус рулоит. Ареспублика иқәынхо ахәыҷқәа зегьы ргәаҭара азы хәба-быжьба амедицинатә бригадақәа радыԥхьалара азԥхьагәаҭоуп», - ҳәа иҳәеит  агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо.

Едуард Быҭәба иазгәеиҭеит ҳаԥхьаҟа арахь иаалар шыҟало еицырдыруа аҵарауаа, академикцәа, апрофессорцәа.

«Ас еиԥш мҽхакы ҭбаала ашколхәыҷқәа рдиспансеризациа Аԥсны раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит. Иҿыцӡоу аҭоурых аҿы ас еиԥш зымҽхак ҭбаау аусмҩаԥгатә ҟамлаӡацызт. Агәабзиарахьчара Аминистрра ацхыраарал, егьырҭ агәыҳалалратә еиҿкаарақәа алархәны ашколхәыҷқәа ргәабзиара агәаҭарақәа мҩаԥысуан. Аха уи ҭыԥ-ҭыԥла имҩаԥысуаз усмҩаԥгатәқәан, аха ас еиԥш Урыстәылатәи Афедерациа ацхыраарала мҽхакы ҭбаала адиспансеризациа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысуеит», – ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо.

Адипансеризациа иаԥхьанеиуан аиҿкаара-зыҟаҵаратә усура ду, ахәҭакахьала агәаҭарақәа рыграфикқәа шьақәыргылан.

Едуард Быҭәба агәаҭарақәа хатәгәаԥхарала, хәыда-ԥсада имҩаԥысуеит ҳәа инаҵшьны иазгәериҭеит.  

«Ахәыҷқәа рҭаацәа адиспансеризациа мап ацәыркыр алшоит, уи мчыла аӡәгьы идирҟаҵаӡом. Ҳара еилаҳкаауеит уи ҳреспублика азы, ҳара ҳашколхәыҷқәа иахьа ргәабзиараҿы ицәырҵыр зылшо ауадаҩрақәа раарԥшразы ишхымԥадатәиу», – ҳәа иҳәеит агәабзиарахьчара аминистр инапынҵақәа назыгӡо Едуард Быҭәба.               

 

 

 

 


Read 195 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.