АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жәабран.2025

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхынтәаҩцәа рԥылара мҩаԥысит.

Аҟәа. Жәабрамза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рыцхантәаҩцәа:  Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара аҟынтәи  - Џьихан Султаноглу,  Европатәи атәылақәа Реидгыла аҟынтәи - Магдален  Гроно, иара убас Европатәи атәылақәа Реидгыла Ашәарҭадара Аиҿкаара аҟынтәи -   Кристоф Ернст  Спати.

Аԥсны аганахьала аиԥылара рхы аладырхәит адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ  Одиссеи Бигәаа, Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа Лаша Аҩӡбеи Артур Гагәылиеи.        

Аиԥылара алахәылацәа имҩаԥысран иҟоу Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа а-63-тәи араунд амшхәаԥштә зҵаарақәа пунк-цыԥхьаӡа ирзааҭгылеит. Еиуеиԥшм актуалра злоу атемақәа шьҭыхын.

Аԥсуа ган инаҵшьны ирҳәеит Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара  амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩрахадара злоу аҵакы шамоу.  

Аганқәа ҷыдала ахшыҩзышьҭра арҭеит Гал аидысларақәа рызхьаԥшреи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (МПРИ) арҿыцреи рызҵаара. Аганқәа ргәаанагарақәа еибырҳәеит.

Жәларбжьаратәи аиҿцәажәарақәа анаҩстәи 63-тәи рраунд амҩаԥгара азыԥхьагәаҭоуп 2025 шықәса хәажәкырамза актәи азыбжазы.

 

 

 


Read 450 times - Аԥшьаша, 13 Жәабран 2025 16:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.