АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Жәабран.2025

Аԥсны «Лидеры России» амодель ала акадртә резерв аконкурс мҩаԥгахоит.

Аҟәа. Жәабранмза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Лидеры России» амодель ала акадртә резерв аконкурс «Команда Абхазии»  амҩаԥгара иалагоит. Аконкурс https://abkhazia.team/ анагӡара хықәкыс иамоуп аперспектива злоу анапхгаҩцәа, акадртә резерв аԥҵара. Ари аконкурс амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟазҵаз Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба иоуп.  Алԥшаара амодель ашьаҭаҿы иҟоуп урыстәылатәи аԥышәеи Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәылеи» анапхгаҩцәа рконкурс «Урыстәыла аԥызацәеи».

Акадртә конкурс аслоган: «Аԥызас аҟалареи ԥхьаҟатәи аԥеиԥш ахь амҩа алкаареи рзы уара улшара!»

Апроект «Аԥсны Акоманда» асоциалтә ҩаӡара ашьҭыхра асистема аԥҵара, ауаа иахьынхо, занааҭс ирымоу, рсоциалтә ҭагылазаашьа иадҳәаламкәа зегьы рзы еиҟароу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп.

Аиҿкааратә комитет напхгара аиҭоит Ареспублика Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.

«Иахьа ҳара акыр зҵазкуа ахҭыс аҟалара – ҳреспублика аҿиара аҿы хра злоу шьаҿаны иҟало апроект ахацыркра ҳазыԥшуп. Сара гәахәара дула, сазгәдуны апроект «Аԥсны акоманда» алагара азы алаҳәара ҟасҵоит! Ари апроект  – ареспублика анапхгаратә резерв алалара алзыршо акадртә конкурс мацара акәӡам, ари, раԥхьаӡа иргыланы шәара зегьы шәзы доусы шәпатенциал аарԥшра, иаашәыкәыршаны иҟоугьы шәара шхаҭақәагьы анапхгаҩы, даҽакала иуҳәозар ачынуаҩ  – ари  баша жәаӡам, ари азҟазазаара ауп. Уи зхахьы аҭакԥхықәра агара иазхиоу, хра злоу аиҭакрақәа рыҟаҵара зҽазызшәо, убри аан зымчи-зыхшыҩи иақәгәыӷуа, зидеиақәа рымч азхазҵо рзы иреалу аперспектива ауп, – ҳәа иазгәеиҭеит Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз аҿар рԥылара аҿы дықәгыло Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Бадра Гәынба.

Аконкурс алахәхара азы азыҳәамҭақәа рыдкылара хәажәкырамза 10 рҟынӡа имҩаԥыслоит.  

Зынӡа иазԥхьагәаҭоуп аконкурстә еицлабрақәа аетапқәа хԥа:

– адистанциатә етап актәи амодуль хыркәшахоит хәажәкырамза  12 рзы. Уи иазԥхьагәанаҭоит абиографиатә анкета ахарҭәаара, асистематә хәыцреи аессе аҩреи ранализ аҟаҵара азы атест ахысра;

– хәажәкырамза 14 - 16 рзы имҩаԥысуа аҩбатәи аетап аҿы аконкурс иалаху анапхгараҭаратә потенциал ахәшьара аҭара иазырхоу аонлаин-тест ахысра рзыԥшуп;

– иреиӷьу алҵшәақәа аазырԥшыз алахәылацәа хәажәкырамза анҵәамҭазы имҩаԥысраны иҟоу латәаратәи аусмҩаԥгатә ахь ааԥхьара роуеит.

Аконкурс алахәылацәа рахь иқәгылоу адҵақәа иреиуоуп – қәрала 18 шықәса рҟынтәи  55 шықәса ирхымсуазароуп, ҩы-шықәса иреиҵамкәа анапхгаратә усура аԥышәа рымазароуп, иара убас Ареспублика Аԥсны атәылауаҩра рымазароуп.

«Аконкурс «Аԥсны акоманда» аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара аконкурс амҩаԥгара аетапқәа зегьы рыҟны аметодологиатә ацныҟәара, дыҽакала иуҳәозар, аметодикатә материалқәа  рыдгалара  ҳазхиоуп.  Апрезиденттә платформа аҿы ирҳау хра злоу аԥышәа иабзоураны, ҳара аҟыбаҩ злоу анапхгараҭара аусзуҩцәа рыԥшаареи рышьақәгылареи иадҳәалоу апроцесс аеффективра злоу амодель адгалара ҳалшоит.

Акыр шықәса раахыс ҳара қәҿиарала аиашара, Аԥсадгьыл гәыкала амаҵ аура, аҭакԥхықәра, апатриотизм, уҳәа реиԥш иҟоу, акыр зҵазкуа апринципқәа ирықәныҟәо анапхгаҩцәа ралԥшаара иадҳәалоу аусура наҳагӡоит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп, анапхгаҩы изанааҭтә дырра аҩаӡара аҳаракра анаҩсгьы, хымԥада итәыла акультуратә код ахьчара, амилаҭтә ҭынха, аҭаацәа, атрадициақәа, аҵакдуқәа реиҷаҳара зылшо уаҩны дыҟазар ахәҭоуп», –  ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла Аҳәынҭқарра Ахада иплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» анагӡаратә директор, анапхгараҭаратә Ҟазарҭа «Сенеж» аректор Андреи Бетин.

Аконкурс Анаԥшратә Хеилак иалалеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент Зураб Џьапуа, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аректор Алеко Гәарамиа, Амилаҭтә ҭҵаарадырратә Университет «Высшая школа экономики»  аректор Никита Анисимов, «Росэнергоатом» акорпоротивтә зҵаарақәа рыла адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбери Тҟьебучаа, ЗҲәА «Аԥсны аҩқәеи аӡқәеи» адиректор Хада Николаи Ачба, азиндырҩы, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аекономикатә теориа акафелра арҵаҩы Георги Габуниа,  Урыстәылатәи ааглыхыҩцәеи аусдкылаҩцәеи Реидгыла анапхгараҭара алахәыла Темур Шьакаиа.

Аконкурс «Аԥсны акоманда» алахәылацәа рзы ркариера аҿиара азы инарҭбаау алшарақәа азԥхьагәаҭоуп. Аиааира згаз Ареспублика Аԥсны анапхгараҭаратә резерв иалалоит. Аконкурс афинал аҟынӡа инаӡаз агәыԥтә, аколлективтә, даҽакала иуҳәозар акомандатә абжьгара (инагоу урыстәылатәи анапхгаратә усзуҩцәа рганахьалагьы уахь иналаҵаны) роуеит. Ахԥатәи аҭыԥқәа аанызкылаз аконкурс алахәылацәа, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи рзы Урыстәылатәи Академиа (РАНХиГС), иара убас  анапхгараҭаратә Ҟазарҭа «Сенеж» рҿы аҵаратә программақәа рахысразы алшара рзаԥҵахоит.  

 

 

 

 

Источник: https://apsnypress.info/ru/home/novosti/item/14547-v-abkhazii-zapuskaetsya-konkurs-kadrovogo-rezerva-po-modeli-lidery-rossii.

© АПСНЫПРЕСС.


Read 258 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.