АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2025

Аԥсабарахьчаратә прокуратура Амшын Еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак иахьаҵанакуа аԥсыӡкра арҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа 9 шьақәнаргылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсабарахьчаратә прокуратура Аԥсны аӡымҽхак иахьаҵанакуа 2024-2025шш. ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы аԥсыӡкратә наплакқәа рыла Аԥсны аԥсабарахьчаратә закәанԥҵара анагӡара азы планла иазԥхьагәаҭоу агәаҭара мҩаԥыргоит.  

Аԥсны иҟоу аԥсыӡусдуларатә наплакқәа иахәҭоу алицензиақәа рымоуп. Урҭ рахьынтә быжьба аԥсыӡкра иалагахьеит.

Иҟоу адыррақәа рыла, иазоужьыз аквота  25 нызықь тонна акамшьиа аҟынтәи, иҟоу аинформациа ала, зынӡа иркхьеит  5 200 тонна рҟынӡа акамшьиа.  

Аԥсыӡкра аусхкы иалахуп 21 ӷба.

Аԥсыӡкратә аамҭахәҭа алагара ԥхынҷкәынмза,  2024ш. инаркны иахьа уажәраанӡа Амшын Еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак иахьаҵанакуа аԥсыӡкра аԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа 9 аарԥшхеит.  Урҭ рахьынтә ааба  – Очамчыра араион аӡымҽхак аҿы зҭаларазы азин ыҟам араион аҭалара, акы – Гәымчҭа аӡиас аӡалаларҭа иахьаҵанакуа, убасҵәҟьа зҭаларазы азин ыҟам араион аҭалара ауп.

Иарбоу аилагарақәа рыла аԥсыӡкыгаӷбақәа ркаԥданцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 86 инақәыршәаны  административтә хьырхәра иақәыршәоуп.


Read 246 times - Ахәаша, 14 Жәабран 2025 14:54
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.