«Сара Гал араион аҿы иҷыдоу аекономикатә зона џьара акала салахәны сыҟаӡам, уи моу, ахаангьы уи азы аӡбамҭа адкылара џьара акала салахәӡамызт», - ҳәа жәабранмза 11 рзы Аԥсуа телехәаԥшра аҿы имҩаԥысуаз ателедебадқәа раан Аҳәынҭқаррахь акандидат Роберт Аршба иара иганахьала иҟаиҵаз азгәаҭара аҭакс иазгәеиҭеит Сергеи Шамба.
Иҷыдоу аекономикатә зона «Амра» иаԥҵан Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иусԥҟа ала 2016 шықәса рзы. Уи азы иазоужьын 7 нызықь гектар адгьыл.
Ԥхынҷкәынмза 5, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Бадра Гәынба иусԥҟала аҳәынҭқарратә биуџьет ахь адгьылтә шәахтә ала 70 млн. мааҭ инареиҳаны ауал зықәхаз Гал араион аҿы иҷыдоу аекономикатә зона аҟазаара ҽҳәараанӡа иааникылеит.