Алхратә комиссиа Хада иарбоу ашәҟәы шьаҭас иҟаҵаны,Ҭырқәтәыла, Сақариа (Адаԥазары) ақалақь аҿы Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы иаартыз алхратә ҭыԥ анаркит, аҭыԥтә алхратә комиссиа аԥыхуп.
13.Жәабран.2025
Алхратә комиссиа хада Ҭырқәтәыла Сақариа Аԥсны Ахада иалхрақәа рзы алхратә ҭыԥ анаркит.
Аҟәа. Жәабранмза 13, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аләратә комиссиа Хада ашҟа Ҭырқәтәыла иҟоу Аԥсны азинмчы змоу ахаҭарнак Ибраҳим Аҩӡба иҟынтәи Ҭырқәтәыла жәабранмза 15, 2025 шықәса рзы иазгәаҭоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзы алхратә ҭыԥ аартра залыршахом ҳәа ашәҟәы ааит.