АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2025

Иреиҳаӡоу аӡбарҭаахь иҷыдоу аекономикатә зона “Амра” аԥыхразы Аусԥҟа ззакәанмчы цахьоу усшәҟәны азхаҵаразы азыҳәамҭа нашьҭуп.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 13, 2025 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭын ԥхынҷкәынмза  5, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Бадра Гәынба иҭижьыз «Еилоу аҟазшьа змоу иҷыдоу аекономикатә зона «Амра» аҟазаара ҽҳәараанӡа аанкыларазы азы» Аусԥҟа №370 ззакәанмчы цахьоу усшәҟәны азхаҵаразы административтә зашшратә зыҳәамҭа.

Азыҳәаҩ – Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара  «Россия-Абхазия Сингапур Торгово-Инвестиционная Корпорация»  иарбоу Аусԥҟа «Иҷыдоу аекономикатә зонақәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан еиланагоит ҳәа иазгәанаҭоит. Убри инпмаданы, азҳыҳәаҩ аҳәара ҟаиҵоит иарбоу аусԥҟа ззакәантә мчы ацәыӡыз ҳәа аԥхьаӡареи ЗҲәА «Р-АСТИКО». еилагоу азинқәеи азакәантә интерессқәеи реиҭашьақәыргылареи.


Read 274 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.