АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жәабран.2025

Валери Бганба афымцамч Аминистрреи Аҟәа араион Ахадареи Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа азыҳәара ала Арбитражтә ӡбарҭа азыӡба азы анапынҵақәа риҭеит.

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арбитражтә ӡбарҭа ԥхынҷкәынмза 6, 2024 шықәса рзы Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа» (ООО СП «Сухум-ГЭС») Аҟәа араион Ахадара аганахьала Аҟәа араион аҿы Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи астанцеиҵа «Аҟәа – 1» («Сухум-1») аҟынӡа зхаҳәатәала иргылаз, 19,6 км. рҟынӡа инаӡо, зымчхара 110 кВт рҟынӡа инаӡо афымцамҩангага ацәаҳәа ахатәра азхаҵара азы иаланаҵаз азыҳәара ала азыӡба аднакылеит. Аӡбарҭа иарбоу афымцамҩангагатә цәаҳәа Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара Еилаху Анаплакы «Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа» (ООО СП «Сухум-ГЭС») ахатә мазараны азхаҵара азы аӡбамҭа аднакылеит.

Аӡбаратә усеилыргара ахԥатәи ахаҿы иаҳасабала ахатә дҵақәыргыларада иадыԥхьалан Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч».

«Афымцамч азы азакәани «Ареспублика Аԥсны астратегиатә обиектқәа рзы» азакәани дрықәныҟәаны, Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба абарҭ анапынҵақәа ҟаиҵеит:  Афымцамчи атранспорти Рминистрра ҷыдарыла аҳәынҭқарратә мазараны иԥхьаӡоу аенергетика  аобиектқәа  ахатә мазарахь аиагара  алзмыршо аенергетика аусхкы иадҳәалоу азакәанԥҵара анормақәа рынагӡара иазырхоу ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара алыршазароуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:

1) Аминистрра анапаҵаҟа иҟоу Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч аҟынтәи аҭҵаареи анаҩс апрокуратура Хада ахь адәықәҵареи рзы арбитражтә ӡбамҭа №АС-50/2024 аматериалқәа аиура аиҿкаара;

2) Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» анапхгаҩи аиџьныр хадеи рҟынтәи аус №АС-50/2024 ала аӡбаратә усеилыргара аҳәаақәа ирҭагӡаны зыдгалара мҩаԥгаз азыҳәаҩ – ЗҲА ЕА «Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа» (ООО СП «Сухум-ГЭС») Аҟәа араион аҿы Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи астанцеиҵа «Аҟәа – 1» («Сухум-1») аҟынӡа зхаҳәатәала иргылаз, 19,6 км. иҟоу, зымчхара 110 кВт рҟынӡа инаӡо афымцамҩангага ацәаҳәа ахатәра азхаҵара азы иаланаҵаз азыҳәара адгылара азы апозициа аҵаҵӷәыркызаареи азакәанреи рганахьала шәҟәыла еиқәыршәоу аилыркаага аиуразы адҵа ақәыргылареи анаҩс уи азы азинтә шьаҭа ыҟазар, адисциплинартә, ахьырхәратә уснагӡатәқәа рымҩаԥгареи;

3)Азинтә шьаҭақәа рыҟазаара ашьақәыргалараан, Ареспублика Аԥсны Арбитражтә аусмҩаԥгаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 33 инақәыршәаны,  аус №АС-50/2024 ала Арбитражтә ӡбарҭа ԥхынҷкәынмза 06, 2024 шықәсазы иаднакылаз, азакәанмчы зауз азыӡба  иҿыцу, мамзаргьы ҿыц ицәырҵыз аҭагылазаашьақәа рыла аиҭахәаԥшразы аусеиҿкаара аԥшьгара;

4) Арбитражтә ӡбарҭа азыӡба ахкьыԥхь адырраҭара ахықәкы анагӡара азы Жәлар Реизара-Апарламент ахь адәықәара;

Аҟәа араион Ахадара иарбоу Азԥхьанҵа апункт 1 иарбоу аҭагылазаашьақәа рышьақәыргылара мҩаԥысаанӡа, Аҟәа араион аҿы Аҟәатәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи астанцеиҵа «Аҟәа – 1» («Сухум-1») аҟынӡа зхаҳәатәала иргылаз, 19,6 км. иҟоу, зымчхара 110 кВт рҟынӡа инаӡо афымцамҩангага ацәаҳәа ахатәра азин азхаҵаразы ашәҟәҭагалара амҩаԥгареи ахатәразы аршаҳаҭга аҭареи рзы азин амхзароуп.

Валери Бганба иара убас Аконтрольтә Палата ахантәаҩы Каха Пертаиа иахь Ареспубликатә унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аганахьала аплан ахыхьтәи агәаҭаратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы аҳәара зну ашәҟәы дәықәиҵеит.  

 

 

 

 

 


Read 198 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.