– Иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз ахәыҷқәеи урҭ рҭаацәеи иахәҭоу ацхыраара рызҭо, зықәра наӡам ахәыҷқәа рсоциалтә хьчара аус аҿы акыр зҵазкуа ароль назыгӡо Акризисттә Центр аусура адгылара аҭара.
– Ахәыҷқәа рыбжьара азинтә хдырра аҩаӡара ашьҭыхра азы азиндырҩы Екатерина Лиаховецкаиа еиқәлыршәаз ахәыҷтәы цхыраагӡа Аӡыргара. Аҭыжьымҭа Ареспублика Аԥсны азакәанԥҵара ашьаҭақәа еиӷьны аилкаара аҿы ицхыраагӡахоит. Уаҟа аҭаацәаратәии атәылауаҩратәи азакәанԥҵара агәынкылара марианы еиқәыршәоуп – ахәыҷтәы лакәқәеи асоветтә мультфильмқәеи рфырхацәа рхаҿсахьақәа рыла.
Аиԥылара иалахәыз излацәажәаз, ахәыҷқәа рзинқәа рыхьчареи аҭаацәа адгылара рыҭареи изызҳауа аҿар рзинтә дырра аҩаӡара ашьҭыхреи иазырхоу аԥшьгарақәа рынагӡара алыршаразы аринахысгьы ас еиԥш аиԥыларақәа реиҿкаара аҿы еиқәшаҳаҭхеит.