АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Жәабран.2025

Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Ашәарҭадара Ахеилак аҿы алхрақәа разыҟаҵара азы адырра ҟаиҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан Ашәарҭадара Ахеилак алахәылацәа жәабранмза 15 рзы имҩаԥысраны иҟоу Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ишазыҟаҵоу азы адырра риҭеит.

Алхратә комиссиа ахантәаҩы иҟаиҵаз адыррақәа рыла:   

– Аҟәа ақалақь аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 9, алхратә ҭыԥқәа  - 25 ыҟоуп;

– Гагра араион аҿы  - алхратә ҭыԥхадақәа 5, алхратә ҭыԥқәа  - 29 ыҟоуп;

– Гәдоуҭа араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа -7, алхратә ҭыԥқәа  - 31 ыҟоуп;

– Аҟәа араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа - 2 , алхратә ҭыԥқәа  - 8 ыҟоуп;

– Гәылрыԥшь араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа - 3, алхратә ҭыԥқәа  - 16 ыҟоуп;

– Очамчыра араион аҿы   –  алхратә ҭыԥхадақәа - 6, алхратә ҭыԥқәа  - 33 ыҟоуп;

– Ҭҟәарчал араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа - 2, алхратә ҭыԥқәа  - 8 ыҟоуп;

–  Гал араион аҿы  – алхратә ҭыԥхада -1, алхратә ҭыԥқәа  - 2 ыҟоуп.

Алхратә ҭыԥхадақәа ҩба аус рулоит Урыстәыла – Москвеи Черқесски ақалақьқәа рҿы.

Алхырҭатә ҭыԥк ҟалоит Ҭырқәтәыла, Сакариа ақалақь (Адапазары), алхырҭа аҭыӡҭыԥ макьаназы еилкааӡам.  

«Сара иахьа иарбоу алхырҭа ахьыҟало аҭыӡҭыԥ азы адырра соуеит», - ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.

Жәабранмза 11 рзы иҟаз адыррақәа рыла асиақәа ирҭагалоуп 134-нызықь ҩык.  


Read 176 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.