
pressadmin-2
Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аус адулара иалагеит.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәбеи аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытабеи раԥшьгарала «Азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи амчра азы» Аконституциатә закәан аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект аус адулара иалагеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.
Иарбоу азакәан апроект азакәанԥҵаратәи анагӡаратәи мчра реизыҟазаашьақәеи урҭ рыбжьара азинмчы аихшареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа аиҭакрақәа ралагалара азԥхьагәанаҭоит.
Аԥсны Ахада Аԥсны Апарламент ахь ахәаԥшразы инаишьҭыз Аконституциа аиҭакрақәа ралагаларазы азакәан апроект 2020 шықәсазы Аконституциатә реформазы акомиссиа иҟанаҵаз ажәалагалақәа ҳасаб рзуны еиқәыршәоуп.
Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҿы агильдиақәа русура аиҿкаара иалацәажәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аҿы агильдиақәа рхаҭарнакцәа – акондитерцәа, афармацевтцәа, ачарӡҩцәа, иара убас икомерциатәым аилахәырақәа (ИА) «Аԥсны аҳәса-аусдкылаҩцәа Рассоциациеи» «Аԥснытәи атуризм аидгылареи» ахаҭарнакцәа реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара аҿы икоммерциатәым аилахәырақәа (ИА) 2023 шықәсази 2024 шықәса актәи азыбжеи рзы русура иалацәажәеит, иара убас агильдиақәа, ассоциациақәа, аидгыларақәа русура аиӷьтәреи ҳазҭоу 2024 шықәса анҵәамҭанӡа аусуа аплани ирзааҭгылеит.
Аусмҩаԥгатә аҿы иқәгылеит Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата апрезидент ихаҭыԥуаҩ Лана Киут, Икоммерциатәым Аилахәырақәа «Аԥснытәи атуризм аидгылара» ахантәаҩы Анна Калиагина, «Акондитерцәа ргильдиа» ахантәаҩы Лиана Биџьба, «Афармацевтцәа ргильдиа» ахантәаҩы Кристина Кьышьмариа, Икоммерциатәым Аилахәыра «Ачарӡҩцәа ргильдиа» ахантәаҩы Едуард Арсҭаа, уҳәа убас егьырҭгьы. Дара зегьы иҳаҩсыз аамҭахәҭа азы иҟаҵаз маҷӡам ҳәа иазгәарҭеит.
«Апандемиа COVID-19 ҳара зегьы аонлаин-формат ала аусура ҳнарҵеит, уи иабзоураны аилацәажәарақәа реиҳарак шьҭа латәарадатәи арежим ала имҩаԥысуеит. Краснодартәи атәылаҿацәи Шәача ақалақьи рҿы асасааирҭатә усдкылара знапы алаку Рассоциациеи ҳареи аусеицуратә еимадара бзиа ҳабжьоуп, лассы-лассы аонлаин-формат ала аҟаза-иклассқәа мҩаԥаагоит. Ааигәа Гагра ақалақь аҿы ацәыргақәҵа «HoReCa» амҩаԥгареи, «Аԥсны акурортологиа» атема ала аконференциа аиҿкаареи азԥхьагәаҭаны иҳамоуп. Урыстәылатәи амедиагәыԥ Урыстәылатәи абизнес Колсантинги (РБК) «Макс Медиеи» аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьаҵара азы ҳрыҿцәажәоит», – ҳәа адыра ҟалҵеит Анна Калиагина.
Лиана Биџьба ааигәа Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ала еиҿкааз ахәаахәҭра-цәыргақәҵа «Ахаа-мыхаақәа рныҳәа» («Праздник сладости») азы лгәаанагара лҳәеит. Лара аусмҩаԥгатә аиҿкаареи амҩаԥгареи иҳараку аҩаӡараҿы ишымҩаԥгаз азгәалҭеит, иара убас анаҩсгьы алахәылацәа радыԥхьалараҿы ацхыраара дшазхиоу азгәалҭеит. Лиана Биџьба ахатәра аформа аофициалла ашәҟәҭагаларада аус зуа акондитерцәа раарԥшра хымԥадатәиуп ҳәа иазгәалҭеит.
Кристина Кьышьмариа афармацевтцәа рыквалификациа ашьҭахра ахымԥадатәра инаҵшьны иазгәалҭеит. Ахәшәқәа рхаҭабзиара агәаҭара азы алабораториа аартра ахымԥадатәра азҵаара шьҭырхит. Кристина Кьышьмариа аҳәаанырцәтәи ахәшәқәа разымхареи урҭ ахаҭабзиара астандартқәа рақәымшәареи иадҳәалоу апроблема далацәажәеит.
Едуард Арсҭаа игәаанагарала, ачарӡҩцәа рхыԥхьаӡара ессааира ишазҳауагьы, абар шьҭа жә-шықәса ирылагӡаны аҭыжьыҩцәа рганахьала аалыҵ ахаҭабзиара иахәҭоу ахшыҩзышьҭра амҭара иадҳәалоу ауадаҩра шыҟац иаанхоит. Иара аҳәынҭқарра аҟынтәи ачаӡра аусхкы ахылаԥшра аҟазаара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо, уи алахәылацәа гәаанагарак аҿы еиқәшаҳаҭхеит. Урҭ ргәаанагарала излацәажәаз аусхкқәа рҿы аҳәынҭқарра аҟынтәи иҟоу ахылаԥшра азхом, акоммерциатә усура аиҿкаара амеханизмқәа ыҟаӡам, уи азакәанԥҵара аҿы иҟоу абжьахақәа ирыдҳәалоуп. Убри аҟнытә еиқәыршәаны ирыдыркылароуп уи азы азакәанқәа, иара убри ала ииашоу аконкуренциеи ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчареи алыршахоит.
Ашәҟәы «Зыхьӡ нагоу Аԥсны аҳәсақәа» аӡыргара мҩаԥысит акультура-усутә платформа «Гәыма» аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аԥшьаша, рашәарамза 6 азы акультура-усутә платформа «Гәыма» аҿы ахәыҷқәа рзы ашәҟәы «Зыхьӡ нагоу Аԥсны аҳәсақәа» аӡыргара мҩаԥысит. Ашәҟәы авторцәа – Акультура-усутә платформа «Гәыма» анапхгаҩы Хьыбла Возбеи ААУ аполитологиа акафедра арҵаҩы Ирина Турааԥҳаи, аҭыжьымҭа аредактор – афилологиатә наукақәа рдоктор, Аԥсны Анаукақәа Ракадемиа академик Владимир Занҭариа.
Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рхылаԥшра азы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа атәыла аплиажқәа аԥхынтәи акурорттә сезон ишазыҟаҵоу атәы еиҭеиҳәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу шәагаала имаҷу аӷбақәа рхылаԥшра азы Аҳәынҭқарратә Инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа Sputnik–Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы атәыла аплиажқәа аԥхынтәи акурорттә сезон ишазыҟаҵоу атәы еиҭеиҳәеит. Сынтәа акурорттә сезон аофициалла иаатит рашәарамза 1 азы.
Ҭенгиз Сабуа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, араионқәа рхадацәа заанаҵы, аҽыкәабаратә сезон аартра ҩба-хԥа мчыбжьы шыбжьаз атәыла ауааԥсыреи асасцәеи рыԥсшьара ашәарҭадара азы иарбан усурақәоу инагӡатәу арбаны азԥхьанҵақәа роуит. Азԥхьанҵақәа хә-пункт арбоуп: актәи – амшын аҟны иҟазароуп аӡсараз азин ахьынӡаҟоу аҳәаа, ихҵатәуп аӡҳәаарбагақәа; аҩбатәи – иргылатәуп аиқәырхарҭатә ҭыԥқәа; ахԥатәи – адыргатә шьаҟақәа арстәуп; аԥшьбатәи – шәагаалр имаҷу аӷбақәа рзы атехникатә ҭыԥ хкаатәуп; ахәбатәи – амшын аҵа гәаҭатәуп, ирыцқьатәуп.
«Иахьатәи амш азы Аҟәа инаркны Гагранӡа амшынҭалартә аамҭа иазыхиоу қалақьк ыҟаӡам», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
ААУ аҵарауаа рхеилак ааҩык акафедрақәа рнапхгаҩцәа ркандидатурақәа шьақәдырӷәӷәеит.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. ААУ 8 - кафедрак рнапхгаҩцәа ркандидатурақәа рышьақәырӷәӷәара, Нодар Ҷанба ҳаҭыр зқәу апрофессор ҳәа ахьӡ ианашьара, абиологиа-геогафиатә факультет аиҭарҿиара, аудиториа аартреи апрофессор Рауль Хонелиа ихьӡ зху астипендиа аԥҵареи, аинформациа-ԥхьаӡаратә Центр азы Аԥҟара ашьақәырӷәӷәара – абарҭи егьырҭ азҵаарақәеи, аԥшьаша, рашәарамза 6 рзы имҩаԥысыз Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҵарауаа рхеилак аилатәара амшхәаԥштә иалагалан.
Ауниверситет а-Telegram-канал аҿы иҟоу адыррақәа рыла, имаӡоу абжьыҭирала акафедрақәа рнапхгаҩцәа ралхра мҩаԥысит:
– апедагогикеи аҵара аметодикақәеи ркафедра аиҳабыс дшьақәдырӷәӷәеит – апедагогикатә наукақәа рдоктора, профессор Алеқсеи Касланӡиа;
– аматематикатә анализ акафедра анапхгаҩыс –афизика-математикатә наукақәа рдоктор, апрофессор Роберт Лашәриа;
– аекологиеи аԥстәқәа рморфологиеи акафедра анапхгаҩыс – абиологиатә наукақәа ркандидат, адоцент Роман Дбар;
– атәылауаҩратә зини апроцесси ркафедра анапхгаҩыс – адоцент Лиудмила Хоџьашьвили;
ЦСКА ашьапылампыласҩы Ельвира Ҭодуа аматч «Winline Суперкубок-2024» лхы алалырхәуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳара ҳџьынџьуаҩ, Ельвира Ҭодуа ашаьпылампыл азы ЦСКА аҳәса ркоманда аилазаараҿы аматч «Winline Суперкубок-2024» лхы алалырхәуеит. Араҟа урҭ ркоманда «Зенит» аҳәса ркоманда иацыхәмаруеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы. Асматч мҩаԥысраны иҟоуп рашәарамза 8 рзы Санкт-Петербург ақалақь, «Газпром Арена» аҿы.
Беслан Ешба акциа «Ицқьоу ақалақь» амҩаԥгаразы Адҵа инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Рашәарамза 7, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» амҩаԥгара азы Адҵа инапы аҵаиҩит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит. Уи мҩаԥгахоит рашәарамза 28 рзы ақалақь асанитартә ҭагылазаашьа аиӷьтәреи аиқәыршәазаареи хықәкыс иҟаҵаны.
Акциа аиҿкаареи амҩаԥгареи рзы ақалақьтә штаб аԥҵоуп.
Араду ақыҭан асалаҭтә иаҵәара аадрыхуеит.
Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Араду ақыҭан инхо афермер қәыԥш Ахра Какалиа абар шьҭа хәы-шықәса рыҩныҵҟа асалаҭтә иаҵәара аарыхра инапы алакуп.
Иара иарбан иаҵәара хкқәоу еиҭаиҳауа, ажәлеи аиҭаҳатәи раагара ахьзалыршахо, насгьы акыр ихырҳагоу аиаҵәара, екологиала ицқьоу афатә аалыҵ аарыхра шымҩаԥысуа атәы еиҭеиҳәеит.
«Ҳара асалаҭтә иаҵәара еиуеиԥшым ахкқәа ааҳрыхуеит. Иахьазы ҳара иҳамоуп еиуеиԥшым адунеи атәылақәа жәпакы рҟынтәи иаагоу 10 хкык рҟынӡа асалаҭтә иаҵәара. Урҭ иаагоуп Китаи, Европа, уҳәа атәылақәа рҟынтәи», - ҳәа иҳәеит иара.
Ахра Какалиа ишазгәеиҭаз ала, раԥхьа иара аҩны азы аиаҵәара аарыхра далагеит, нас аамҭақәак рышьҭахь уи иусура амҽхак аҽарҭбааит.
Сара апомидор акоммерциатә партиақәа раархра азы аԥышәа сыман. Аха ԥыҭрак ашьҭахь ҳара асалаҭтә иаҵәара аарыхра ҳҽазаҳшәо ҳалагеит. Насгьы иазгәаҭатәуп, уи аарыхра акыр еиҳа ишымариоу ауҭраҭых, апамидоргьы уахь иналаҵаны, аарыхра аасҭа. Убри аан, еиуеиԥшым асалаҭтә иаҵәара ахкқәа аахәаратә дҵаалара бзиа амоуп», – ҳәа иҳәеит иара.
Аҟәа ақалақь аҿы Алеқсандр Пушкин диижьҭеи 225-шықәса аҵра азгәарҭеит.
Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа Алеқсандр Сергеи-иԥа Пушкин диижьҭеи 225-шықәса ҵуеит (рашәарамза 6, 1799ш. – жәабранмза 10, 1837ш.). Абар шьҭа акыр шықәса инеиԥынкыланы ишьақәгылаз атрадициа ала, аурыс поет дуӡӡа иира Амш аҽны Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩала игылоу апоет ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысуеит. 14 шықәса рыҩныҵҟа аныҳәа аиҿкаара мҩаԥнагоит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра.
Аҭоурыхтә ҭыԥ – Аботаникатә баҳча аҿы – 300-шықәса зхыҵуа аҭәаҵла амҵан апоет дуӡӡа ҳаҭырла дыргәаладыршәарц иааит Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла абжьгаҩ-цҳаражәҳәаҩ Михаил Литвинов, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аԥсны иҟоу Приднестровтәи Молдавтәи Ареспублика Аофициалтә Хаҭаранкра ахада Гарри Кәпалба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, Аԥсны ашәҟәыҩҩратә еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, ашколхәыҷқәа, астудентцәа.
Аусмҩаԥгатә мҩаԥыргон Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аԥснытәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут адиректор Арда Ашәбеи Аԥсны иҟоу Аурыс культуратә Центр анапхгаҩы Наталиа Каиуни. Еизаз зегьы аԥсшәа раҳәо, Арда Ашәба ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа Аԥсны шьҭа ибзиоу традицианы ишьақәгыалеит ҳәа иазгәеиҭеит:
«Ԥсра зқәым Алеқсандр Пушкин ирҿиамҭақәа ҳажәлар ркультура иузаҟәымҭхо иҟалеижьҭеи акрааҵуеит. Араҟа еицырдыруа аԥсуа поетцәа, аиҭагаҩцәа, рыла Пушкин ипоемақәеи иажәеинраалақәеи еиуеиԥшым абызшәақәа рыла ирыԥхьоит. Урҭ ирыԥхьоит ахәыҷқәеи адуцәеи, избан акәзар, Пушкин – ари ҳара зегьы иаҳзеиԥшу хәдууп, гәадуроуп. Пушкин ибжьы уи иаҵоу аҟазшьа, ацәаҩа, аҵакы аҵаулара уҳәа рыла акы иалаҩашьом, ес еиҵагыло абиԥарақәа рахь ииаслоит!»
«2024 шықәса – аиубилеитә шықәса ауп, сынтәа Алеқсандр Пушкин диижьҭеи 225 шықәса ҵуеит», - лықәгылараҿы инаҵшьны иазгәалҭеитлет Наталиа Каиун.
«Абри аҽны ауп ҳара аурыс бызшәа Амш аназгәаҳҭо, избан акәзар, Пушкин – ҳаамҭазтәи аусрыс литературатә бызшәа ашьаҭаркҩы иоуп», - ҳәа иазгәалҭеит лара.
Адныҳәаларатә ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов.
Едуард Ԥлиа игәалашәара иазкны анапылампыл азы Ареспубликатә турнир алагеит Аҟәа ақалақь аҿы.
Аҟәа. Рашәарамза 6, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны анапылампыл Афедерациа Актәи апрезидент Едуард Ԥлиа игәалашәара иазкны анапылампыл азы ахацәа рыбжьара Иаарту атурнир алагеит аԥшьаша, Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы.
Атурнир рхы аладырхәуеит Аахыҵ Уаԥстәыла, Лугансктәи Жәлартә Республика, Ҭҟәаԥс, Невинномыск, Гагра, Аҟәа ақалақьқәа рҟынтәи ф-командак, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба атурнир алахәылацәа аԥсшәа реиҳәеит, дрыдныҳәалеит.
Атурнир аартра иазку аныҳәатә церемониа рхы аладырхәит Аԥсны Амилаҭтә олимпиатә Комитет ахантәаҩы Валери Аршба, Аԥсны анапылампыл Афедерациа апрезидент Аслан Ҭырқьба, Едуард Ԥлиа иԥа, Гал араион ахада Константин Ԥлиа.
Анаҩс атурнир алахәылацәа рҿаԥхьа иқәгылеит Аҳәынҭқарратә ахәыҷтәы хореографиатә ансамбль «Абаза».