АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынгәы.2024

Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аҳәынҭқарратә бираҟ амш азы Аԥсны жәлар дрыдныҳәалеит.

 

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш!

1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 ҳтәыла аҭоурых наунагӡа ианылеит Владислав Арӡынба инапхгарала Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби  анышьақәнарӷәӷәаз мышны. Ари аҩыза аҵак ду змоу ахҭыс ахақәиҭреи ахьыԥшпымреи рзы ҳажәлар рықәԥара иасимволны иҟалеит.

Ҳара ҳбираҟ - ус баша ҳәынҭқарратә символны иҟам, ибеиоу ҳкультуратә ҭынха, иахаҿроуп, аԥсуа жәлар ижәытәӡатәуи рытрадициақәа, еицамкуа рдоуҳамчи   аныԥшуеит. Уи иҳанаҳәоит ҳаԥсадгьыл аԥеиԥш лаша иазықәԥоз ҳабацәа рыгәаӷьра, ҳтәыла аизҳазыӷьаразы иахьа дарбанзаалак аҭакԥхықәра ду иҳаду атәы.

Абираҟ анышьақәырӷәӷәаха анаҩс мчыбжьқәак ааҵуаны еиԥш, аибашьра иалагеит, аԥсуа жәлар рзы ԥышәара дуны иҟалаз. Аха абри аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы ҳажәлар ирылшеит ахьыԥшымразы ақәԥараҟны аиааира агара.

Иахьа ҳара ҳбираҟ - Аԥсны асуверенитети аҭынч ԥсҭазаараҟнны аихьӡарақәеи ирсимволуп, уи иаҳгәаланаршәоит ҳтәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы иҳалшо зегьы ҟаҳҵараны ҳшыҟоу.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар! Абри амшныҳәа ду аҽны Аԥсны иқәынхо ҳауаажәлар зегьы ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, анасыԥ, аизҳазыӷьара. Аԥсны Аҳәынҭқарра  иахашәыршәырлааит наунагӡа хьӡи-ԥшеи змоу ҳбираҟ, ҳаԥсадгьыл ԥшӡа аԥеиԥш лаша ахьӡала ҳаидкыло. 

Ҽаанбзиала шәнеилааит зегьы!

 

           

 

 

 

Возврат к списку.


Read 145 times - Аҩаша, 23 Ԥхынгәы 2024 15:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.