АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны жәлар ирыдиныҳәалеит Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш.

Уаҟа иазгәаҭоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа!

 

Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа ишәыдырныҳәалоит Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш!

Ҳреспублика ухаҿы иузаагом уи аҳәынҭқарратә символқәа – абираҟи, агерби, агимни рыда. Урҭ иахәҭаҵәҟьоу аҭыԥ ааныркылоит ҳтәыла аҳәынҭқарратә ԥсҭазаараҿы, дарбарзаалак атәылауаҩ иԥсҭазаараҿы.

Аҳәынҭқарратә Бираҟ Амш – ари шәареи ҳареи зыргылара ҳаҿу ҳаамҭазтәи Аԥсны аҭоурых ауп. Уи иҵабыргыҵәҟьаны жәлары зегьы ирныҳәаны иҟоуп, инарҭбааны иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы мацара акәымкәа, хара уи анҭыҵгьы. Ҳара ҳбираҟ азы агәадура ҳамоуп, уи ианубаалоит аԥсуа жәлар рҭоурыхтә гәалашәара, рпатриотизм, рфырхаҵара, реилаҵәара.

Аԥсуа бираҟ ҳаԥхьаҟагьы ҳаиднакылалоит, иҳаԥхьоит зхы иақәиҭу, иӷәӷәоу ҳџьынџьтәыла ахьӡала ақәҿиара ҿыцқәа рахь!»

Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Ҳажәлар Аԥсадгьыл атрадициақәа даараӡа аҳаҭыр ақәҵаны иааргоит. Ареспублика Аԥсны ԥхьаҟатәи аԥеиԥш шәареи ҳареи ҳнапы иануп, ҳтәыла иӷәӷәоу ҳәынҭқарраны иҟало, аизҳазыӷьара амҩа ианыларц азы ҳгәазыҳәара иадҳәалоуп. Агәра ганы ҳаҟоуп, Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ есымша ҳтәыла ишахашәыршәырло. Аныҳәа ду – Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш шәадныҳәалаз зегьы!».

 

 

 

 


Read 118 times - Аҩаша, 23 Ԥхынгәы 2024 15:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.