АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынгәы.2024

Цандрыԥшь аҳаблаҿы акцизатә дыргақәа змамыз асигареҭқәа рыԥшааит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ироуз аоперативтә дырра ала ауснагӡатәқәа рымҩаԥгараан, ԥхынгәымза 20 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадареи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа Хадеи  аекономикатә шәарҭадара Аусбарҭеи русзуҩцәеи Цандрыԥшь аҳаблаҿы иҟоу, атәылауаҩ Кешьиан А.А ихатәы ҩны аҿы ирыԥшааит 1 164 блок инарзынаԥшуа абаџьқәҵарадатә дәқьан (Duty Free) адыргақәеи Аԥсны акцизтә еизга амаркақәеи рыда иҟаз асигареҭқәа.

Асигареҭқәа рконфискациа мҩаԥган. Аус аматериалқәа зегьы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыргареи рыҟәша ахь идәықәҵоуп. 

 


Read 152 times - Аҩаша, 23 Ԥхынгәы 2024 15:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.