АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынгәы.2024

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш азгәарҭоит .

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 23 рзы 32 шықәса ҵуеит Ареспублика Аԥсны аҳәынҭқарратә символика – Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби рышьақәырӷәӷәара ҟалеижьҭеи.

Асааҭ 19:40 рзы Аҟәа ақалақь, Амҳаџьырқәа рыԥшаҳәаҿы С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҟынтәи Сегреи Багаԥшь ихьӡ зху ашҭанӡа Аԥсны атәылахьчара Аминистрра иатәу аоркестр ацны, 1200 шықәса реиҳа зхыҵуа Аԥсны аҭоурых аазырԥшуа аԥсуа бираҟқәа 16 кны ажәлар рымҩасра мҩаԥгахоит. Аныҟәара ашьҭахь ауаа зегьы еизоит Аԥсуа драматә театр аҿаԥхьа, араҟа асааҭ 20:00 рзы Атеатралтә плошьад аҿы акәашареи ашәаҳәареи ҟалоит. Имҩаԥгахоит аҳәынҭқарратә рҿиаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи алархәны аныҳәатә концерт.

Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәдырӷәӷәеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Ахеилак аилатәараан ԥхынгәы 23, 1992 шықәса рзы асахьаҭыхҩы Валери Гамгьиа иескизқәа рыла.

Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ зкәакьҭа иашоу аш иалхуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ ашәага-загақәа - ауреи аҭбаареи 2:1 ҳәа аизыҟазаашьа рымоуп. Аш аурала ашьацԥшшәылеи ашкәакәеи рыла зҽеиҭнызыԥсахло ацәаҳәақәа ануп, урҭ рахьынтәи ԥшьба иаҵәоуп, хԥа – шкәакәоуп.

Хыхьла илбаауа актәии ҵаҟатәи аҵыхәтәантәии ацәаҳәақәа шьацԥшшәылоуп. Аиаҵәа-шкәакәа цәаҳәақәа – Аԥсны злахәылаз Ашьхаруатә республика (1918ш.) абираҟ аелементқәа ируакуп. Ашьац ԥшшәы аԥсҭазаара иасимволуп, ашкәакәа – атәыла ԥхьаҟатәи аԥеиԥш бзиа.

Хыхьтәи армарахьтәи акәакь аҟны абираҟ ахәы иазааигәаны иануп абираҟ аурала зоура  0, 38, зыҭбаара  х-цәаҳәак ираҟароу иҟаԥшьыхәхәароу акәакьҭа иаша. Аԥшьыркца агәҭаны иарбоуп хыхьынтә ҵаҟала иаарту арӷьа маҿа шкәакәа. Анапы ахахьала иаҿыкәыршоуп хәба-хәба кәакьҭа змоу аеҵәа шкәакәақәа быжьба.

Иаарту анапи аеҵәа шкәакәақәа быжьбеи Апсуа ҳәынҭқарра (VII-X ашә.) абираҟ иаҿырԥшуп. Аҟаԥшь – арратә фырхаҵара иасимволуп, иаарту амаҿа – аҭынчреи, агәаартреи, асасдкылареи ирсимволуп. Аԥшшәахәы ҟаԥшь ианубаало анапы шкәакәа – Апсуа аҳра аан аиҿкаара зауз, XII шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа аԥсуа ҳәынҭқарра иасимволуп. Анапы ахахьы иану хә-кәакьҭак змоу абыжь-еҵәак Аԥсны аҭоурых дгьылқәа быжьба ирдыргоуп: Саӡтәыла (Џьигеҭиа), Бзыԥ, Гәыма, Абжьыуаа, Самырзаҟан, Дал-Ҵабал, Ԥсҳәы-Аибӷа. Дара ирыҵаркуан апсуаа ретникатә ҵакырадгьыл: аӡиас Хәасҭа (аубыхцәа рҳәаа ) инаркны аӡиас Егры (агырцәа рҳәаа) аҟынӡеи, Амшын Еиқәа аҟынтәи Кавказтәи ашьхақәа рҟынӡеи.

Рашәарамза 3, 2005 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь Жәлар Реизара-Апарламент аҿы ирыдыркылаз «Ареспублика Аԥсны агәалашәаратәи аныҳәамшқәеи рзы» Ареспублика Аԥсны азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» азакәан инапы аҵаиҩит.  Убри амш инаркны ԥхынгәымза 23 Ареспублика Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш ҳәа ирылаҳәоуп.  

 


Read 136 times - Аҩаша, 23 Ԥхынгәы 2024 18:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.