АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Ԥхынгәы.2024

Аҟәа ақалақь аҿы иаатит аскульптор Марина Ешба илызку афотоцәыргақәҵа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Абанк афоие аҿы еицырдыруа аԥсуа скульптор, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла раԥхьатәи ахантәаҩы Марина Ешба  диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку афотоцәыргақәаҵа аатит.

Ахәаԥшцәа ирыдгалаз акомпозициа иалалеит уи лусумҭақәа 16 фотосахьа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ианлаамҭаз инхоз ауаа рпортретқәагьы. 

«Цәыргақәҵак иҭагӡаны ХХ ашәышықәазы инхоз иналукааша Аԥснытәи аҳәса рхыԥхьаӡараҿы иҟоу Марина Ешԥҳа лнысымҩа, аҟазараҿы ллагала, лхаҭара атәы аарԥшра даара ицәгьоуп, убри аҟара аҵак ду лымоуп.

"Раԥхьатәи аԥсуа дипломат иԥҳа, раԥхьатәи аскульптор, ауаажәларратә усзуҩы, Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла раԥхьатәи ахантәаҩы, абри зегьы Марина Ешԥҳа лоуп. Лара лҟазара атәы ишаҭаху еиԥш иҭҵааӡам. Асоветтә скульптура иаман ахатәы традициа дуқәа. Лара раԥхьатәи лырҵаҩы Белошова иреиӷьӡаз лакәын. Ацәыргақәҵаҿы иҟоуп асериа аус здылулоз асоветтә медалқәа ааба. Иара убас урҭ аусурақәа азгәаҭан иреиӷьу асахьаркыратә знеишьа аазырԥшыз ҳәа. Марина Ешԥҳа Москва раԥхьаӡа акәны иаалыртит аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рцәыргақәҵа. Иахьагьы иҟоуп лара лусумҭақәа Урыстәыла амузеиқәа рҿы, урҭ ирықәҭыхзар, Аԥснытәи агалереиазы артефакт иаҩызахон», - ҳәа лҳәеит Ельвира Арсалиаԥҳа.

Аскульптор Амиран Адлеиба Марина Ешба лусумҭақәа есымша дшаршанхо атәы азгәеиҭеит:

«Марина Ешба – иналукааша, аҟыбаҩ дуӡӡа змаз ԥҳәысын… Уи лцәырҵра – ари, жәаҳәарада, аԥсуа жәлар зегьы рзы инасыԥын. Рыцҳарас иҟалаз, лара лпортретқәа зеиқәымхаӡеит, уи ҳара ҳзы трагедиа дууп. Ас еиԥш иҟаз иналукааша ауаа ргәалашәара наунагӡоуп», – ҳәа иҳәеит иара.

Марина Ешба (1924 - 2002 шш.) – аскульптор, зҽаԥсазтәыз аҟазара аусзуҩ, Асовет Еидгыла асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла алахәыла. Диит 1924 шықәса, ԥхынгәы 20 рзы еицырдыруа аԥсуа револиуционер, Аԥсны ахақәиҭра азықәԥаҩ Ефрем Ешба иҭаацәараҿы диит. Урҭ ашықәсқәа раан Ефрем Ешбеи иԥшәмаԥҳәыс Мариа Шьигровскаиеи Лондон инхон. Уаҟа Ешба аус иуан Асоветтә Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнакыс. Аха ахәыҷы данроу ашьҭахь дук мырҵыкәа, аҭаацәара Англиантә иқәҵыр акәхеит, уаҟа асоветуаа кыдырцало иахьалагаз иахҟьаны.

1951 шықәсазы Марина Ешба Москватәи адекоратив-хархәаратә ҟазара Аинститут далгеит.

1951-1959 шш. Асоветтә сахьаҭыхыҩцәа Москватәи  Реидгыла аҿы аскульпторс аус луан.

1962- 1982шш. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟан.  

Марина Ешба – лусуратә мҩа аҿы даараӡа ирацәан аусумҭақәа, аха зегь реиҳа ихаданы иҟалаз лаб изаԥылҵаз абаҟоуп, уи гылоуп Аҟәа ақалақь агәаны. Лара иара убас Лхыны ақыҭан игылоу 1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз аибашьцәа рмемориал авторцәа дреиуоуп.

Марина Ешба – дравторуп лаамҭазы инхоз еицырдыруаз ауаа: Фазиль Искандер, Гәыли Кьычба, Татиана Гәлиа, Џьума Аҳәба, уҳәа убас аӡәырҩы  рпортретқәа. Марина Ешба – иазлырхиеит асовет аамҭазтәи абарҭ аиубилеитә медалқәа рыпроектқәа: «Москва 800-шықәса ахыҵра иазкны», «26-ҩык Бақәатәи акомиссарцәа рҭахара 40-шықәса ахыҵра иазкны». Лара убасгьы иналыгӡеит – «Асовет Еидгыла Амедицинатә ҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иатәу аексперименталтә патологиеи, атерапиеи ринститут 50-шықәса ахыҵра» иазкыз амедали, «Н.А. Некрасов 150 шықәса ихыҵра» иазкыз амедали рескизқәа.

Лара лоуп иҭызхыз 1957 шықәсазы Бриуссель имҩаԥысуаз Адунеизегьтәи ацәыргақәҵа аҟны еиҿкааз Асовет павилион аҿы ицәыргаз акомпозитор Мусоргски ипатреҭ. Лара иҭылхит убасгьы атеатралтә ҟазацәа рпатреҭқәа – Станиславски, Шьепкин, Ермолова, Асовет Еидгыла Иреиҳаӡоу Ахеилак адепутат Уасил Лакәиа. Арҭ асахьақәа зегьы иреиҳаӡоу ахәшьарақәа роуит акритикҵәеи аҟазараҭҵааҩцәеи рҟынтә.

1984 шықәсазы Марина Ефрем-иԥҳа Ешба «1941-1945шш. Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы иҭахаз афырхацәа ргәалашәара азы» амемориалтә комплекс азы Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа ланашьахеит. 

Афотоцәыргақәҵа аус аулоит ԥхынгәымза  26 аҟынӡа.

 

 

 

 


Read 111 times - Аҩаша, 23 Ԥхынгәы 2024 04:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.