
pressadmin-2
Аԥснытәи аспортсменцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рахь амҩа иқәлеит.
Аҟәа. Рашәарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа Жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа рылахәхаразы Ҭаҭарсҭанҟа амҩа иқәлеит.
Аспорттә делегациа амҩахь рынаскьагара азы Ахақәиҭра Ашҭа ахь инеит атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба, аистициа аминистр Анри Барцыц, атуризм аминистр Ҭемраз Хьишба, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аспорт аветеранцәа, аспортсменцәа рыуацәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Атәыла аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, афымцамчи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба атәыла анапхгара ахьӡала аспортсменцәа ари акыр зҵазкуа амш рыдиныҳәалеит.
«Ари аспорттә усмҩаԥгатә адунеитә ҩаӡара змоу ауп. Атәыла анапхгара алшарақәа рыла, Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ҳмилаҭтә еизгоу акоманда ахәмаррақәа рахь рышьҭразы алшара аиуит. Ҳара ҳазгәдууп шәара арҭ ахәмаррақәа шәахьрылахәхо. Агәра ганы ҳаҟоуп аихьӡара бзиақәа шаашәырԥшуа», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.
Џьансыхә Нанба рашәарамза 12 инаркны 23-нӡа Казань ақалақь аҿы имҩаԥгахо, 97 тәыла рҟынтәи 5000-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа злахәараны иҟоу, 27 дисциплина ала аицлабрақәа ахьымҩаԥгахо жә-ҳәынҭқаррак зҵазкуа Аҳәынҭқаррабжьаратәи Аидгыла (БРИКС) атәылақәа Рыхәмаррақәа иаҵоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.
«Асимволтә ҵакы аҵоуп Ареспублика Аԥсны атәылақәа рпарад ахьаанартуа. Ҳара ҳлегендартә шьапылампыласҩы, Асовет Еидгыла Ахраҿа згахьаз, Асовет Еидгыла ачемпион Ахра Цәеиба абираҟ шьҭыхны аспортсменцәа рпарад ааиртуеит. Сара агәра ганы сыҟоуп шәара шәзы рашәарамза 12 рзы аԥсҭазаара иҿыцу аетап шалаго, шәара зегьы шәфырхацәаны шәыԥсадгьыл ахь шәшыхынҳәуа», - ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба аспортсменцәа ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьаишьеит.
«Ақәҿиарақәеи аманшәалареи шәзеиӷьасшьоит зегьы. Арҭ ахәмаррақәа рҿы ҳтәыла ахьӡ ҭызго аихьӡарақәа аашәырԥшааит», - ҳәа иҳәеит иара.
Асоветтә, аԥсуа спортсмен, зхы иақәиҭу аиқәԥаҩ, европеи Асовет Еидгылеи рчемпион Рашь Хәытаба ари амш Аԥсны иазыԥшиижьҭеи крааҵуан ҳәа иазгәеит. «Ҳара еилаҳкаауазароуп ас еиԥш идуу аспорттә усмҩаԥгатә аҿы Аԥсны аҳәынҭқарратә бираҟ иаҵагыланы ақәгылара ахьалыршахаз иаҵоу аҵакы атәы. Ари ҳара зегьы ҳзы, ҳҳәынҭқарра азы ҭоурыхуп. Ҳара иаҳҭахуп ҳделегациа аԥсуара апринципқәа ирықәныҟәаны излауа ала ибзиаӡаны рхы аадырԥшырц ахәмаррақәа рҿы. Ақәҿиарақәа шәзеиӷьасшьоит ахьыбҿар!», - ҳәа иҳәеит иара.
Севастопольтәи аҳәынҭқарратә Университет археологцәа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа рыԥшааит.
Аҟәа. Рашәарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Севастопольтәи аҳәынҭқарратә Университет археологцәа жәларбжьаратәи аӡаҵаҟа-рхеологиатә експедициа аилазаараҿы имҩаԥгаз археологиатә ҭҵаарақәа ирылҵшәаны Аҟәатәи ашыцәаҟны ирбеит абжьарашәышықәстәи аамҭахәҭа иаҵанакуа ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәеи антикатә амкьаҭқәеи, ҳәа РИА Новости ахь адырра ҟанаҵеит аҵараиурҭа апресс-маҵзура.
Севастопольтәи аҳәынҭқарратә Университет археологцәа Амшын Еиқәа аҿы ажәытә ргыламҭа ахыжәжәарақәа рыԥшааит.
Иҷыдоу аппаратура ахархәарала аӡхәыҵалаҩцәа адыԥхьаланы археологцәа рашәарамза-ԥхынҷәынмза, 2023 шықәса рзы, Гәдоуҭеи Аҟәеи рӡымҽхак иахьаҵанакуа 1 метрак инаркны 60 метра рҟынӡа аӡы аҵаулараҿы акультуратә ҭынәа аобиект аҟзаара азы аҭҵаарақәа мҩаԥыргеит.
Археологцәа ргәаанагарала, еиҳа аинтерес зҵоу аԥшаамҭа Аҟәатәи ашыцәаҟны, Басла аӡиас аӡалаларҭа аҿы ирбеит. Араҟа иҟазар алшон ажәытәӡатәи ақалақь Диоскуриа, ҳәа адырра ҟаиҵеит аҭоурыхҭҵааратә наукақәа ркандидат, Ставропольтәи аҳәынҭқарратә Университет акафедра адоцент, Урыстәылатәи Анаукақәа Ракадемиа мрагылараҭҵаара Аинтитут ҟрымтәи аҭҵаарақәа Рцентр анапхгаҩы Виктор Лебедински. Уи ишаҳзеиҭеиҳәаз ала, Баслаҭа аӡиас Аҟәатәи ашыцәа иахьалало 2,4 метра аҵаулараҟны иԥшаан ихыргьежьаау аргыламҭа ахыжәжәарақәа. Агәаанагара ыҟоуп аҭӡы иадҟаҵалаз абаашқәа ракәзар ҟалап ҳәа.
Жәларбжьаратәи арена аҿы аихьӡарақәа аазырԥшыз аԥснытәи аспортсменцәа рыдкылара мҩаԥысит.
Аҟәа. Рашәарамза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 10 рзы Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы Жәларбжьаратәи арена аҿы аихьӡарақәа аазырԥшыз аԥснытәи аспортсменцәа рыдкылара мҩаԥысит.
Аҳәынҭқарратә Еилакы ахь ааԥхьара рырҭеит Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы араӡнытә аԥхьахә зауз, таитәи абокс азы Алада Урыстәылатәи Афедералтә Округ Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Кристина Беииа, абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Сандро Цымцба, таитәи абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы араӡны медал занашьаз Сандро Ҵәыџьба, кикбоксинг азы Алада Урыстәылатәи Афедералтә Округи Нхыҵ-Кавказтәи Афедератә Округи Раԥхьахәгара аҿы аиааира згаз Улиана Махонина, Урыстәылатәи Абаҩарҵәыра-спорттә Еиҿкаара «Спартак» ааӡамҭа, абоксиор Анри Зарданиа, Урыстәылатәи Арбџьармчқәа абокс азы атурнир аҿы аиааира згаз Данил Цаавеи Аинар Малиеи, зхы иақәиҭу аиқәԥара азы урыстәылазегьтәи атурнир аҿы аиааира згаз Вахтанг Акаба, Dagestan Wild Trail 2024 аҿы араӡнытә аԥхьахә згаз Дамеи Конџьариа, Алада Урыстәылатәи Афедералтә Округ Аԥхьахәгара аҿы аиааира згаз, абокс азы Урыстәыла Аԥхьахәгара аҿы аџьазтә медал занашьахаз Едгар Депелиан.
Ашьапылампылтә Клуб «Ерцахә» — ҩажәижәаба шықәса ирҭагӡоу апас.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. /Фаина Кондратиева, Аԥснымедиа/. Ҩажәижәаба шықәса раԥхьа, рашәарамза 10, 1994 шықәса рзы ашьапылампылтә Клуб «Ерцахә» раԥхьатәи аофициалтә матч мҩаԥысит. Убри амш инаркны акоманда ирласны ашьапылампылтә олимп ахь инаӡо иалагеит. Ашьапылампыл аветеранцәа руаӡәы иажәақәа рыла, шықәсақәак рыла, аиндаҭлҩцәа очамчыраа рыцыхәмарра иацәшәо иҟалеит. Аклуб раԥхьатәи ахәмарыҩцәа иреиуоу, ашьапылампыл азы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Рамин Киут аклуб раԥхьатәи ашықәсқәа шигәалашәо атәы еиҭеиҳәеит:
«Аибашьра еилгеит. Очамчыраа еизаны ашьапылампылтә команда аԥырҵарц рыӡбеит. Аидеиа зтәыз уаанӡа еицырдыруаз ашьапылампыласҩы Валери Делба иоуп, иуҳәар алшоит иара иоуп аклуб «Ерцахә» аԥҵаҩыс иҟалаз ҳәа. Ахәыҷтәы шьапылампыл аибашьра ашьҭахь Очамчыра ақалақь аҿы – ари абаҩхатәра злаз аиҿкааҩ, ахәыҷтәы команда аԥиҵарц азы араион ашколқәа зегьы еимыздаз Заур Делба ибзоуроуп. Аклуб аԥҵара азы аидеиа шышьақәырӷәӷәахаз еиԥшҵәҟьа аусура еилашуа иалагеит. Ақалақь иалан автобус, ахәмарыҩцәа еизго. Аԥхьанатә ҳара ҩынҩажәаҩык ҳаҟан, аха нас акоманда агәыцә аанхеит. Ашьапылампыласыҩцәа даарывагылеит усҟан араион ахадас иҟаз Баҭал Тапаӷәуагьы. Акоманда дацны иара есыхәылбыҽха адәы даақәланы иҽазыҟаиҵон. Баҭал Москва иҟоу аԥсуа диаспора ахь ацхырааразы аҳәара ҟаиҵеит. Ҳара иаҳзаарышьҭит ҩ-комплектк зеиӷьаҟам аформақәа, аибашьра ҟалаанӡагьы зеиԥш ҳамамыз абутсқәа. Адиаспора иҳарҭаз ацхыраара иабзоураны ҳара ҳхы инаркны ҳшьапаҟынӡа ҳаилаҳәан».
Аҟәа ақалақь Аҳабла Ҿыц абыргцәа Рхеилак аԥсуа бызшәа рыларҵәара иадгылоит
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Рашәарамза 10 рзы Аҟәа ақалақь Аҳабла Ҿыц абыргцәа Рхеилак Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Асҭамыр Герхьелиа ицны аҳабла ахәыҷбаҳчақәа ирҭааит.
Дара ахәыҷбаҳчақәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа рбеит, ахәыҷқәа аԥсуа бызшәа шырдыруа еилыркааит.
Абыргцәа иазгәарҭеит аҳәынҭқарратә бызшәа аҿиаразы аспециалистцәеи ауаажәлари рылшарақәа реидкылара, аҳәынҭқарратә бызшәа аԥсҭазаара аусхкқәа зегьы рҿы ахархәара шхымԥадатәиу азгәарҭеит. Аҳабла Ҿыц абыргцәа Рхеилак ахада Рудик Герзмаа абыогцәа ашколнӡатәи аусбарҭақәа рпедагогикатә еилазаара ахатәы бызшәа апопулиаризациа аус аҿы ацхыраара рыҭара иазхиоуп, избан акәзар, иахьатәи ахәыҷқәа ҳтәыла уаҵәтәи аԥеиԥш ауп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ахәыҷқәа рааӡара ашьаҭа акуеит аҭаацәара рҿы. Ҳара ҳазхиоуп аҭаацәа рыҿцәажәара, урҭ рхатәы бызшәала рхәыҷқәа ирацәажәаларц рабжьгара. Аглобализациа даара ирласны ҳааигәа-сигәа иҟоу зегьы амҽханакуеит, аха уи иаанагаӡом ҳара «Ҳаԥсуара» ҳхашҭыроуп, ҳажәлар, ҳазхылҵыз ҳабацәеи ҳабдуцәеи рҵасқәеи рқьабзқәеи рытрадициақәеи ҳхашҭыруп ҳәа. Ҳара дарбаназаалак зегьы рыхдырра аҟынӡа инаҳгалароуп Аԥсадгьыли ахатәы бызшәеи иреиҳау акагьы шыҟам», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҳабла Ҿыц абыргцәа Рхеилак ахада Рудик Герзмаа.
Аԥсны ахаҭарнакцәа Алеқсеи Пушкин изкны имҩаԥгаз жәларбжьаратәи афлешмоб рхы аладырхәит.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Евразиеи Африкеи рыжәларқәа Алитературатә хеилак аҿы Ареспублика Аԥсны ахьӡала дықәгылоит ашәҟәыҩҩы, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Рассоциациа амаӡаныҟәгаҩ Владимир Делба. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа, И.Папасқьыр ихьӡ зху Аԥсны Амилаҭтә библиотека, Москватәи аԥсуа диаспора Алитературатә Хеилак имҩаԥнаго еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа рхы аладырхәуеит.
2023 шықәса рзы Ассамблеиа Алитературатә Хеилак ашьаҭалеи аҳәаақәа ирҭагӡаны иаԥҵан Адунеизегьтәи ашәҟәыҩҩцәа Реиҿкаара WOW (World organization of writers). Уи раԥхьатәи аконгресс мҩаԥысит Нигериа аҳҭнықалақь Абуџа ақалақь аҿы.
2024 шықәсазы Аиҿкаара иазԥхьагәанаҭаз аусмҩаԥгатәқәа иреиуоуп апоезиатә флешмобқәа рцикл «Адунеизегьтәи алитература аклассикцәа» («Классики мировой литературы»).
Ацикл аҿы аԥхьа иҟоуп афлешмоб «Адунеи ашәҟәыҩҩцәа адунеи ажәларқәа рбызшәақәа рахь ииагоу А.С.Пушкин иажәеинраалақәа ирыԥхьоит» (Писатели мира читают стихи А. С. аамҭак ала офлаини онлаини аформатқәа рыла имҩаԥысит. Ассамблеиа аконференцзал аҿы еизеит афлешмоб иалахәыз – ашәҟәыҩҩцәа, ауаажәларратә усзуҩцәа, москватәи аҵараиурҭақәа рыстудентцәа, распирантцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟан апоет, аҵарауаҩ, ЮНЕСКО Абзиара агәҭакы ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандра Очирова, Ареспублика Ҭаҭарсҭан жәлар рартист Едуард Трескин, Ареспублика Кыргысҭан аҟынтәи Алитературатә Хеилак алахәыла Жанна Сабаева, апоет, аиҭагаҩ Виачеслав Куприианов, Анталиа иҟоу Жәларбжьаратәи аурыс школ анапхгаҩы Лиубовь Дукельскаиа, Ассамблеиа алитературатә проектқәа ркоординатор Игорь Шпынов.
Бзыԥҭа аҳаблаҿы агьамаеилыргаратә зал амца ацраҵара афакт ала аусеилыргара мҩаԥнагоит Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәшеиҵа Бзыԥҭа аҳаблаҿы агьамаеилыргаратә зал амца ацраҵара афакт азы аусеилыргара мҩаԥнагоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 164, ахәҭа 2 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура азы ашьаустә ҭакԥхықәра иақәыршәоуп Краснодартәи атәылаҿацә инхо, аха аамҭала Бзыԥҭа аҳаблаҿы иҟаз ҩыџьа аҳәса – 1984 шықәсазы ииз Прокопенко Оксана Алексеи-иԥҳаи 1981 шықәса рзы ииз Асророва Ольга Сергеи-иԥҳаи.
Ашьаусеилыргара аматериалқәа рыла ишеилкаахаз ала, лаҵарамза 23, 2024 шықәса, асааҭ 03:40 инарзынаԥшуа, Ольга Асроровеи Оксана Прокопенкои еицхырааны агьамеилыргаратә зал «Аҩцара» («Винный погреб») аԥхьакырҭа уада амца ацрарҵеит. Ари аобиект аԥшәма иоуз азарал аицҵалыҵ 2 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иҟалаз амцакра иахҟьаны иблит иарбоу ахыбра, амаругақәа, иара убас ахыбра аҩныҵҟа иҟаз афатә аалыҵқәа.
Ельвира Ҭодуа «ЦСКА» акоманда аилазаараҿы Урыстәыла Иреиҳаӡоу Ахраҿа Winline аиура даԥсахеит.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ельвира Ҭодуа Аҳәса ршьапылампылтә Команда «ЦСКА» аилазаараҿы Урыстәыла Иреиҳаӡоу Ахраҿа Winline аиура даԥсахеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Ахәмарра мҩаԥысит Санкт-Петербург ақалақь, астадион «Газпром Арена» аҿы. Еиԥылеит «ЦСКА»-«Зетит» акомандақәа. Аматч хыркәшахеит асчиот 1:0 ҳәа акоманда «ЦСКА» аиааирала.
Аҟәатәи аспортсменцәа абокс азы Аԥсны Аԥхьахәгара аҿы хә-хьтәы медалки ԥшь-раӡны медалки раиура иаԥсахеит.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәатәи абоксиорцәа абокс азы Аԥхьахәгара аҿы хә-хьтәы медалки ԥшь-раӡны медалки раиура иаԥсахеит. Аицлабрақәа рхы аладырхәит ареспублика ақалақьқәа зегьы рҟынтәи 150-ҩык рҟынӡа аспортсменцәа.
Актәи аҭыԥқәа ааныркылеит:
– Сумбат Саакиан – 36 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2012 – 2013 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;
– Леон Шьакаиа – 35 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2010 – 2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;
– Гьаргь Бериӡе – 46 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2010 – 2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;
– Инал Хәырхәмал – 54 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2010 – 2011 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара;
– Леон Хьиба – 50 кьыла рҟынӡа инаӡо акапантә категориа иаҵанакуа, 2012 ш. ииз аспортсменцәа рыбжьара;
Араӡнытә аԥхьахәқәа ранашьахеит:
Аԥснытәи аҽыҩқәа Краснодар аҽырыҩраҿы аиааирақәа ргеит.
Аҟәа. Рашәарамза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аҽааӡаҩцәа рҽыҩқәа Краснодар аҽырыҩраҿы аиааирақәеи аԥхьахәқәеи ргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Беслан Аԥҳазаа иҽыҩ Осман Абан 1600 метра иҩуаз хы-шықәса зхыҵуа арабтә жәла иаҵанакуа аҽыҩқәеи аҽанқәеи рыбжьара Аԥхынтәи аԥхьахә ду иаԥсахеит.
Ахра Ашәба иҽы - Марискаль Аԥхынтәи аԥхьахә аиуразы 1200 метра иҩуаз ҩы-шықәса зхыҵуа арабтә жәла иаҵанакуа ақьақәақәеи аҽанқәеи рыбжьара «араӡны» агеит.