АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2025

Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа идикылеит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа идикылеит.

Адәныҟатәи аполитикеи апарламентбжьаратәи аимадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Заза Дриаев зхадараҿы дыҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа аилазаараҿы иҟоуп ааглыхра, аргылара, аимадареи аԥсабаратә ресурсқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Иван Сланови азакәанԥҵара, азакәанреи аҭыԥантәи ахаланапхгареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыуаҩ Алан Гаглоеви.

Лаша Ашәба асасцәа дырԥыло Аԥсны адепутатцәа ркорпус гәахәарыла ирыдыркылоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа раҳасабала  раара ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аахыҵ Уаԥсытәыла ахаҭарнакцәа есымша ҳелекторалтә процессқәа рхы аладырхәуеит. Уи – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа, Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа роуп. Ҳара аиашьаратә жәларқәа ҳауп, ҳара аимабзиаратә аизыҟазаашьақәа шабжьоуп», – ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы алхрақәа ҭышәынтәаланы, азакәан инақәыршәаны  ишымҩаԥгахо азы агәыӷра шимоу иҳәеит.

«Алхрақәа рымш – Аԥсны ажәлар рзы даараӡа акырзҵазуа амш ауп», – ҳәа иҳәеит иара.

Аахыҵуаԥсытәылатәи аделегациа ахада Заза Дриаев аԥсуа ган ирырҭаз ааԥхьара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.

«Сара агәра ганы сыҟоуп, аԥсуа жәлар Аԥсны аизҳазыӷьара азы ииашоу амҩа алырхуеит. Сара исҭахуп араҟа аҭынчреи аҭышәынтәалареи аҳра руа иҟаларц. Ҳара иаадыруеит алхрақәа ртәы. Ҳаргьы акыр аибарххара зцу алхрақәа мҩаԥаагоит. Аха аҵыхәтәан аконсенсус ҳаԥшауеит, ҳаилибакаауеит. Сара сақәгәыӷуеит шәара шәалхрақәагьы иҭышәынтәәаланы, азакәани Аконституциеи ишаҳәо ала  ишымҩаԥысуа», – ҳәа иҳәеит иара.

Апарламент иаҭаанӡа аахыҵуаԥстәылатәи аделегациа Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәеит, Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы иҟоу Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент адепутатцәа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба иҟаиҵаз ааԥхьарала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа анаԥшыҩцәа раҳасабала рхы аладырхәуеит.  

Аделегациа Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу алхратә ҭыԥқәа зегьы рахь анеира, иара убас алхрақәа рымҩаԥысшьа агәаҭара азы Аԥсны араионқәа рҭаара азԥхьагәаҭаны ирымоуп.

 

 

 


Read 176 times - Асабша, 15 Жәабран 2025 01:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.