Инагӡаз аусмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны, апрокуратура Хада, Жәлар Реизара уахь иналаҵаны, иазинтересыз аусбарҭақәа рахь аиҿкаара аусура, ауал аицҵалыҵ, уи анцәырҵыз аамҭеи аҽҳәареи, уҳәа рзы адыррақәа дәықәҵахон.
12.Жәабран.2025
Аекономика Аминистрра “Аԥсныбылтәы” азы аинформациа ахҳәаа ҟанаҵеит.
Аҟәа. Жәабранмза 12, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Апеспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аҳәынҭқарратә абылтәытә еилазаара» аусура азы аинформациа аларҵәара инамаданы Аԥсны аекономика Аминистрра адырра ҟанаҵоит:
«2020 шықәса инаркны 2023 шықәса анҵәамҭанӡа Аминистрра ахаҭарнакцәа Аԥсны аԥыза-министр 27.07.2020ш. иҭижьыз Аҳәынҭқарратә Еилазаара «Аԥсныбылтәы» анефтҵәахырҭа аҿы анефт аалыҵқәа зинда рыиагара алмыршара азы ауснагӡатәқәа реиҿкаара азы» Ақәҵара № 70-р анагӡаразы Ешыра ақыҭан иҟоу анефтҵәахырҭа аҿы инеиԥынкыланы аинвертаризациақәа ирылахәхон, адебитортә уал аларҟәра аганахьала аус анагӡара мҩаԥысуан.