«Уи, сара сшақәгәыӷуа ала, алхратә процесс алахәылацәа абжьыҭира аҩбатәи атур аан аҭышәынтәалара аиқәырхара иазнархароуп, – ҳәа иҳәеит иара. – Актәи атур иартны иаҳнарбеит аиҿагылара ареалтә ҭагылазаашьа, уи иақәшаҳаҭымхар ҟалаӡом зегьы. Аха уи даҽазныкгьы иаанарԥшит, ҳаҭыр зқәу сҩызцәа-анаԥшыҩцәа, шәареи ҳареи иахьа аԥсуа уаажәларратә еилазаара аҿы адемократиа аимитациа акәымкәа, адемократиатә процессқәеи алҵшәақәеи ҳаблала иаабоит», - ҳәа иҳәеит Сергеи Бабурин.
Иара адырра ҟаиҵеит дахьыҟаз алхратә ҭыԥқәа руак аҿы абжьқәа рыԥхьаӡараан абжьыҭара иахьымӡаз алхыҩцәа иадыркхьаз ашә иасуа ишалагаз.
«Аха, ҳаҭамыз, аамҭа нҵәеит. Азакәан ишарбоу ала, асааҭ 20:00 рзы алхратә ҭыԥқәа рҿы абжьыҭара хыркәшахоит, иалагоит абжьқәа рыԥхьаӡара. Иахьымӡаз, абжьыҭара сцару, сымцару ҳәа акыр аамҭа ихәыццәоз, урҭ рыбжьы рзымҭиӡеит. Аха уи алхратә комиссиа иахараӡам, уи дара рхаҭақәа рыда аӡәгьы ихараӡам», - ҳәа иазгәеиҭеит урыстәылатәи аполитик.
Сергеи Бабурин иара убас гәахәара дула иазгәеиҭеит алхыҩцәа иаадырԥшуаз активреи алхрақәа ибзианы реиҿкаашьеи.