АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жәабран.2025

Апроект «Абхазия: мозаика» Аԥсны ихацыркхеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны амозаика аҭоурых зқьи бжаки шықәса инареиҳаны иахыҵуеит. Иахьа, даҽа аамҭанык еиԥшымкәа ари, ибеиоу, аха рыцҳарас иҟалаз, зегьы ирхашҭхьоу аҭынха ахьчара хымԥадатәиуп.

Апроект «Абхазия: мозаика» ибеиоу акультуратә ҭынха аиқәырхареи аиҭарҿиареи хықәкыс ишьҭызхыз Сабина Агрба, Лана Чхинџьериа, Русҭам Аншба, Наста Агрба, Вахо Убириа еиднакылеит.

Апроект «Абхазия: мозаика» ҩ-хәҭак рыла ишьақәгылоуп. Актәи ахәҭа – аҵарадырратә ҟәша ауп, уи аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥсуа мозаика ахатә ҷыдареи аҭоурыхи рзы алекциақәеи аконференциақәеи азԥхьагәанаҭоит. Иара убас Аԥсны амазаикатә обиектқәа рыхсаалақәеи рсиеи аиқәыршәара, урҭ анаҩс ахьчара иаҵанакуа акультуратә обиектқәа реестр алагалара азы рыклассификациа амҩаԥгара азы агәҭакқәа ыҟоуп. Ари апроект ахәҭа ауаажәларратә ҿиаразы аԥсуа фонд «Амшра» адгыларала имҩаԥысуеит.

Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Аҿиара Апрограммеи Европатәи Аидгылеи (ПРООН, ЕС) рыдгыларала, EU4Dialogue аԥшьгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысуа апроект аҩбатәи ахәҭа аҿы  «Ипподром» ҳәа еицырдыруа, Гагра араион Бзыԥ ақыҭан иҟоу автобусқәа раангыларҭа  ареставрациа азԥхьагәаҭоуп.

 


Read 107 times - Аҩаша, 18 Жәабран 2025 18:15
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.