АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жәабран.2025

Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа абжьыҭира алҵшәақәа ирныԥшырц зылшоз изеиԥшразаалак аилагарақәа рымбаӡеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада иалхрқәа рҿы жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала алахәхаразы Аԥсныҟа иааз анаԥшыҩцәа Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы алхрақәа рымҩаԥысшьа азы ргәанагарақәа рҳәеит.

Тунисстәи Ареспублика жәлар рхаҭарнакцәа Рассомблеиа адепутат  Али Захдуд  Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рзакәанра аазырԥшуа жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа инарыгӡо ароль азгәеиҭеит.

«Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа алхрақәа рзакәанра аарԥшреи ашьақәырӷәӷәареи адагьы, урҭ рыҟазаара Аԥсны жәлар адемократиатә принципқәа ҭакԥхықәрала ишазнеиуа, урҭ жәларбжьаратәи арена аҿы ишынаргӡо шьақәнарӷәӷәоит», – ҳәа иҳәеит Али Захдуд.

Уи иажәақәа рыла, алхрақәа иаартны, изакәанны имҩаԥысит.

Али Захдуд Алхратә комиссиа Хада алхратә ҭыԥқәа рҿы ицәырҵуаз аимак-аиҿакқәеи мыцхәы идуумыз аилагарақәеи рҭышәынтәалареи рырҽеиреи рганахьала имҩаԥнагаз аусура азгәеиҭеит.  Ҿырԥштәыс уи абри ахҭыс ааигеит:

«Абыжьқәа рыԥхьаӡара ашьҭахь сара апкаанҵа аҟынӡа анаӡара  аганахьала маҷк исԥырхагахо иалагеит. Ҳара азин ҳарымҭаӡеит апкаанҵа афотосахьа аҟаҵара. Аха, ҳара Алхратә комиссиа Хада ахь ҳанадҵаала ашьҭахь, иаразнак уахьынтәи алхратә ҭыԥ ахь иасны ҳус дырманшәалеит», – ҳәа иазгәеиҭеит Али Захдуд.

Иара инаҵшьын иазгәеиҭеит, жәларбжьаратәи анаԥшыҩ иаҳасабала гәахәарыла алхрақәа аҩбатәи атур ихы шалаирхәуа. Али Захдуд Аԥсны ажәлар ԥхьаҟатәи рԥеиԥш ачаԥара аҿы ақә-ҿиарақәеи адемократиатә принципқәа рықәныҟәареи рзеиӷьаишьеит.

Боливиа Милаҭрацәалатәи азакәанԥҵаратә Сенат алахәыла Лаура Мигелина Паррага Леон де Чаука абжьыҭира алҵшәақәа ирныԥшырц зылшоз изеиԥшразаалак аилагарақәа лымбаӡеит ҳәа иазгәалҭеит. «Иацынтәарак ҳара алхратә ҭыԥқәа ҳарҭаауан. Амш иалагӡаны ҳара џьаргьы алхрақәа рылҵшәақәа ӷәӷәала ианыԥшыр зыошо аилагарақәа, мамзаргьы алхыҩцәа рҟынтәи даҽа гәынамӡарақәак аҭыԥ рыманы ҳәа акгьы ҳамбаӡеит. Иацы ҳара амш ҳхаркәшеит абжьқәа рыԥхьаӡара анаԥшрала, ҳара ҳахьыҟаз алхратә ҭыԥ аҿы абжьқәа зегьы еиқәшәеит.

Сара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп Алхратә комиссиа Хада иарбоу алхратә процесс анаԥшыҩ иаҳасабала алахәхаразы исоуз алшара азы. Иааизакны, жәларбжьаратәи анаԥшра – ари даараӡа акыр зҵазкуа процессуп, ҳара ҳгәаанагарала, ари аинститут аринахысгьы аҿиара аиуроуп», –  ҳәа илҳәеит лара.

Алхрақәа реиҿкаареи рымҩаԥгареи рыҩаӡара ахәшьара ҳаракы арҭеит иара убас жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Вито Гриттани (Италиа),  Петрос Волдегиоргис Волдесенбет (Ефиопиа),  Горан Шимпрага (Сербиа),  Горан Димов (Аҩадатәи Македониа),  Моҳаммад Саиед Бахмани (Иран).  

 

 

 


Read 161 times - Аҩаша, 18 Жәабран 2025 18:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.