АЖӘАБЖЬҚӘА

16.Жәабран.2025

Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа абжьыҭиара анхыркәшаха ашьҭахь доусы рыдгылаҩцәа рахь ааԥхьарақәа ҟарҵеит.

Аҟәа. Жәабранмза 16, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алхрақәа рхыркәшареи аштабқәа рыла алхрақәа заанаҵтәи рылҵшәақәа реихшьаалареи рышьҭахь Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа рыдгылаҩцәа рахь ааԥхьарақәа ҟарҵеит. 

Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидат Адгәыр Арӡынба заанаҵтәи адыррақәа рыла алхрақәа аҩбатәи атур ҟалоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Уажәы ҳара зегьы заанаҵтәи аихшьаалақәа ҳарзыԥшуп. Шәара зегьы ибзиаӡаны ижәдыруеит қыҭацыԥхьаӡа иҟоу аҭагылазаашьа зеиԥшроу – дарбану зыбжьы азҭаз, уи ибжьы шаиҭаз, иахьаиҭаз, ззыҳәан иаиҭаз, уҳәа. Ҳазыԥшуп, Алхратә комиссиа Хада абжьыҭира алҵшәақәа рзы адырра аныҟанаҵо, аҩбатәи атур  анрыланаҳәо», -  ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.

Иара адырра ҟаиҵеит жәабранмза 16 рзы аштабқәа рнапхгаҩцәа алархәны аилацәажәара шымҩаԥгахо.  

Адгәыр Арӡынба зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз еицамкуа амчхареи ахдырреи адгылареи рзы.

Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатс иқәгылаз  Роберт Аршба, идгылаҩцәа рахь ихы рханы ихаҭа дшазыԥшымыз, ишџьеишьо ас еиԥш алҵшәақәеи имҩаԥгаз аусуреи ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аиашазы, ҳара даараӡа зымҽхак ҭбаау аусура мҩаԥаагеит. Зегьы ирыцку – ҳара иаҳҳәон, адгалара мҩаԥаагон иҟоу аҭагылазаашьа азы аиаша. Ҳара ишыҟазаалакгьы аиааира ҳгеит ҳәа исыԥхьаӡоит. Ҳара ҳажәлар идҳарбеит иахьа ҳтәылаҿы иаартны аиаша аҳәара, ухахьы аҭакԥхықәра агара  шыҟало», - ҳәа иҳәеит Роберт Аршба. 

Иара идгылаҩцәеи иареи иҟарҵараны иҟоу анаҩстәи ашьаҿақәа рзы адырра ҟаиҵеит. Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит иажәақәеи ипринцыпқәеи рыԥсахра игәы ишҭам.

«Ҳара анаҩсгьы иалаҳхыр акурс иацаҳҵоит. Иҟоуп аплатформа, аус дуӡӡа наҳагӡеит», - ҳәа иҳәеит Роберт Аршба.

Абжьыҭира аҩбатәи атур акәзар, Роберт Аршба иажәақәа рыла, иара аҩбатәи атур ахь инеиз акандидатцәа аӡәгьы ддидгылаӡом. «Шәара, жәаҳәарада, шәгәы ишаанаго шәхы мҩаԥыжәгар ҟалоит», - ҳәа идгылаҩцәа рахь ихы рханы иҳәеит иара. 

Роберт Аршба иара иштаб ала ицқьаны, ииашаны, иаартны аусура мҩаԥган», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит. 

Идгылҩцәа рахь ааԥхьара ҟаҵо Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат Бадра Гәынба дара алхрақәа рылҵшәақәа рдыруеит ҳәа иазгәеиҭеит.  «Ҳара даараӡа ибзиоу алҵшәақәа ҳауит. Сгәы иаанагоит уи шәара зегьы ишәыбзоуроуп ҳәа. Абри зегьы зыҟалаз – ҳкоманда агәра згаз  зегьы рыбзоурала ауп. Уи азы сара идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасҳәоит зегьы»,- ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. 

Иара ҩаԥхьа аусура ду амҩԥгара аҭаххоит, уи ҳҽақәҳаршәароуп зегьы ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Иҟоуп даҽа ҩымчыбжьк, ҩаԥхьа ҳамчи ҳахшыҩи еилаҵаны, аӡәк еиԥш ҳааидгыланы аус ааур, усҟан, ҳәарада, иахәҭоу, ҳкоманда зегьы ҳаззыԥшу алҵшәа ҳауеит»,- ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба. 

Уи иажәақәа рыла, имариамыз алхратә кампаниа мҩаԥысит, уи дара ибзианы, ишахәҭоу ала, рколлегацәа раҳаҭыр ламырҟәӡакәа имҩаԥыргеит.

Бадра Гәынба алхрақәа аҩбатәи атур ахь изымнеиз Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит.

«Азакәан инақәыршәаны, ҩыџьа акандидатцәа алхрақәа рылахәхара иацырҵоит. Аха сара иҭабуп ҳәа расҳәарц сҭахуп аҩбатәи атур ахь изымнеиз акандидатцәа. Урҭгьы ишахәҭоу, рхы ҳаҭыр ақәҵаны рхы мҩаԥыргон. Агәыӷра сымоуп урҭ ҳтәылазы ихәарҭаны ишыҟало, ирылшо акы аҿы рхы ишамеигӡо ҳаԥсадгьыл аизҳазыӷьара азы», - ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.

 

 

 


Read 110 times - Аҩаша, 18 Жәабран 2025 18:14
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.