Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа аҩбатәи атур мҩаԥгахоит хәажәкырамза 1 азы.
Аԥсны Алхратә комиссиа Хада адыррақәа рыла, жәабранмза 15 рзы алхрақәа рахь инеиз рхыԥхьаӡара 68,62% рҟынӡа инаӡоит. Алхрақәа рхы аладырхәит 99 нызықьҩык.
Аԥсны иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭаҩым 1730-ҩык Аԥсны атәылауаа Алхратә комиссиа Хада ирынаҭоз аршаҳаҭгақәа рыла рыбжьы рҭиуан.
«Арҭ алхыҩцәа рыбжьы ахьарҭоз алхратә ҭыԥқәа рҿы иназыцҵоу асиақәа ианҵан», – ҳәа АКХ апресс-центр аҿы имҩԥысуаз абрифинг аҿы ажурналистцәа адырра риҭеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
1380 – ҩык зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит.
Аԥсны анҭыҵ иҟоу Москвеи Черқьесски иҟоу алхратә ҭыԥқәа рҿы зынӡа рыбжьы арҭеит:
Москва ақалақь аҿы – 2691-ҩык;
Черқьесск ақалақь аҿы – 1902-ҩык.
Москва ақалақь аҿы алхратә процесс ибзианы еиҿкааны, иҭышәынтәаланы имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟаиҵеит амаҵураныҟәара аҳасабала Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь идәықәҵаз АКХ алахәыла Омар Смыр. Иара иазгәеиҭеит шьыжьы инаркны алхыҩцәа даара активра шаадырԥшуаз.
Москва имҩаԥгаз абжьыҭара алҵшәақәа:
Адгәыр Арӡынба рыбжьқәа ирҭеит 1029 -ҩык;
Роберт Аршба рыбжьқәа ирҭеит — 227-ҩык,
Олег Барцыц — рыбжьқәа ирҭеит 162-ҩык,
Бадра Гәынба — рыбжьқәа ирҭеит 1190 -ҩык;
Адгәыр Хәырхәмал — рыбжьқәа ирҭеит 12-ҩык.
Зегьы ирҿагыланы рыбжьы арҭеит— 48-ҩык.
23 биуллетен ԥхасҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡеит.
Черқьесск ақалақь аҿы имҩаԥысыз абжьыҭара алҵшәақәа:
Адгур Ардзинба – рыбжьқәа ирҭеит 911-ҩык (47,95%);
Роберт Аршба — рыбжьқәа ирҭеит 53-ҩык (2,79%),
Олег Барцыц — рыбжьқәа ирҭеит 40-ҩык (2,11%),
Бадра Гәынба — рыбжьқәа ирҭеит 798 -ҩык (42%),
Адгәыр Хәырхәмал — рыбжьқәа ирҭеит 58-ҩык (3,05%).
АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан урыстәылатәи рколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Москвеи Черқьесски алхрақәа реиҿкаараҟны иҟарҵаз аиҿкаара-техникатә цхырааразы.
«Аиҿкаара-техникатә ган ала аԥснытәи акомиссиа аҭагылазаашьа ҳзаԥырҵеит ҳалхыҩцәа, Аԥсны атәылауаа, Москвеи Черқьесски иҟаз алхратә ҭыԥқәа рҿы рыбжьы арҭарц алшара рырҭаразы», — ҳәа азгәеиҭеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы иара убас азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа алхратә ҭыԥқәа рыҩныҵҟеи урҭ рыкәша–мыкәшеи ауаажәларратә ҭышәынтәалара ахылаԥшра арҭон ҳәа иазгәеиҭеит.
Дмитри Маршьан еиуеиԥшым атәылақәа рҟынтәи Аԥсныҟа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа анаԥшыҩцәа раҳасабала алахәхаразы иааз жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Ҳара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит аамҭа ԥшаны, Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рыпроцесс шәазҿлымҳаны жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа раҳасабала шәахьаҳҭааз. Ҳара гәахәарыла иҳадаҳкылоит хәажәкырамза 1 азы имҩаԥысраны иҟоу алхрақәа аҩбатәи атур аҿгьы шәара анаԥшыҩцәа раҳасабала шәхы алашәырхәыр», – ҳәа иҳәеит иара.
Дмитри Маршьан Аҳәынҭқарра Ахада иалхра аҩбатәи атур аан Урыстәылатәи Афедерациа Алхратә комиссиа Хада ахаҭарнакцәа Аԥсныҟа иаап ҳәа агәыӷра ааирԥшит.
«Ҳара иаҳҭахуп Аԥсны алхрақәа иаартны, азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны, адемократиатә ҟазшьа аманы имҩаԥысларц», – ҳәа иазгәеиҭеит АКХ ахантәаҩы.
Дмитри Маршьан иколлегацәа рахь ихы рханы, доусы рыԥсадгьылқәа рахь ианыхынҳәлак излауа ала Аԥсны ирбаз, ираҳаз, цәаныррақәас ироуз, абжьгарақәа раҳасабалагьы акәзаргьы ргәаанагарақәа рҳәарц азы аҳәара ҟаиҵеит.