pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аахыҵ Уаԥстәыла акультура Аминистрреи уи иаҵанакуа аусбарҭақәа зегьи  рҿы аиашьаратә Аԥсны акультура ацхыраара аҭаразы аԥаратә хархәагақәа реизгара азы алаҳәара ҟарҵеит.

Ишдыру еиԥш, ажьырныҳәамза  21 ауха Аҟәа ақалақь, Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа ахьышьҭаз асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы абылра ҟалеит. Иҟалаз арыцҳара иахҟьаны зеиҭашьақәыргылара   алымшо, зыхәшьара уадаҩу Аԥсны акультуратә ҭынха аӷьырак амца иалаблит. Ԥшьнызықь рҟынӡа инаӡоз аусумҭақәа рҟынтәи 200 усумҭа мацара еиқәхеит. Аԥсны иҟалаз ахҭыс атрагедиа аҳасабала иахәаԥшуеит.

Ишьақәгылаз аҭагылазаашьаҿы аиашьаратә Республика Аԥсны иаиуз ацәыӡ аӡәыӡқәа рхарҭәаара залыршахом. Аха Аахыҵ Уаԥстәыла акультура аусзуҩцәа Аԥсни уи ажәлари рзы иуадаҩу аамҭазы ацхыраара аҳасабала ирылшо рлагамҭа аҟаҵаразы агәҭакқәа рымоуп. Еизгахо аԥаратә хархәагақәа зегьы иҿыцу аекспонатқәа раахәаразы ацхыраара аҟаҵара иазкны иаату иҷыдоу ахыԥхьаӡаратә ԥхьаӡара иахыԥхьаӡалахоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура Аминистрра Амилаҭтә сахьатә галереиа азы асадаҟы аизгара хацнаркит.

«Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа рыхьтәы фонд ацәыӡра – ари акыр идуу цәыӡуп, иҟалаз ахҭыс амҽхак ҳасаб азуны иуҳәозар, уи ҳреспублика азы  трагедиа дуны иҟалеит», – ҳәа иазгәаҭоуп акультура Аминистрра аҳәамҭа аҿы.

Ареспублика Аԥсны Анапхгара Амилаҭтә сахьатә галереиа аартра азҵаара ҷыдала ахшыҩзышьҭра анаҭоит.

«Акультура Аминистрра ахь аҟазара амаҭәахәқәа раахәараҿы ацхыраара аҟаҵара иазхиоу ауаа адҵаалоит. Убри инамаданы асахьатә галереиа афондқәа реиҭашьақәыргылара азы аԥаратә хархәагақәа реизгара ахацыркразы аӡбамҭа рыдыркылеит.   

Ҳара ҳреспублика акультуратә ҭынха аиҭашьақәыргылара аус аҿы аинициатива аазырԥшуа зегьы аус рыцура ҳазхиоуп», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аминистрра апресс-маҵзура.

Ареспублика анҭыҵынтәи агәыҳалалратә садаҟы аҟаҵаразы ареквизитқәа:

Аԥара зауа ибанк: Абанк ВТБ (Иаарту Акционертә Еилазаара) ақ. Москва

ак/ԥхь. 30101810700000000187

Абанктә аиндентификациатә Код (БИК) 044525187.

Ииагахо аԥаратә хархәагақәа зауа: Аҳәаанырцәтәи Аиҿкаара Акод (КИО) — Ашәахтәқәҵаратә шәҟәҭагалараан аҳәаанырцәтәи аиҿкаара иаиауо ашәахтәшәаҩы иномер (ИНН) 0000012805 КПП 775087001

№ 30111810455550000287

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 6, 2024 шықәсазы,  Р. Д. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониа аҿы имҩаԥысраны иҟоуп Аԥсны аҟазара азҟазацәа злаху агәыҳалалратә концерт.   

Афилармониа аҿы, аконцерт анымҩаԥысуа аҽны, асадаҟы аизгаразы аиашьыкьқәа шьақәыргылахоит.  Еизгахо аԥаратә хархәагақәа зегьы Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟазара амаҭәарқәа рыла ахарҭәаара ахь идәықәҵахоит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа                                                                                            Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Дума I, II, IV ааԥхьара адепутат, азиндырратә наукақәа рдоктор, апрофессор Сергеи Бабурин 65-шықәса ихыҵра идиныҳәалеит.

Адныҳәалара аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент 65-шықәса шәхыҵра шәыднаҳәалоит!

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Урыстәыла Аинформациатә Маҵзура ТАСС адиректор Хада Аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аусзуҩцәеи анапхгараҭареи Аинформациатә Маҵзура аԥҵара Амш инамаданы дрыныҳәалеит.

«Ҳаҭыр зқәу Манана Михаил-иԥҳа! Урыстәылатәи Аинформациатә Маҵзура  ахьӡалеи хаҭала сара сыхьӡалеи Шәареи Аԥснытәи аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» акомандеи  Амаҵзура аԥҵара Амш шәыдысныҳәалоит.

Аинформациатә Маҵзура «Аԥсныпресс» аусура аҭоурых зегьы иалагӡаны Ареспублика Аԥсны арегионалтәии жәларбжьаратәи аинформациатә плошьадкақәа рҿы иахәҭоу аҭыԥ ааннакыларазы еицакра змам ашьаҭа аԥҵара иазкны аусура нанагӡоит.  Амаҵзура аусзуҩцәа  русура аҿы азанааҭдырра аҩаӡара ҳаракы аарԥшуа ианаамҭоу ииашоу, иҵабаргу аинформациа аҟаҵара алнаршоит. «Аԥсныпресс» Аԥсны аҩныҵҟа еиԥш адунеи аҿы иҟало акыр зҵазкуа аполитикатә, аекономикатә, асоциалтә, акультуратә, аспорттә хҭысқәа рзы адырра ҟаҵо жәларбжьаратәи ажурналистика аҿиара хра злоу алагала анаҭоит, уи     Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы аԥхьаҩцәаеи анапаҵаҩҩцәеи рыбжьара акыр ахархәара зауа аинформациатә хархәаганы иҟоуп», - ҳәа иаҳәоит адныҳәалара атекст аҿы.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама адинмаҵзуҩцәа  – аиереи Виссарион, аиереи Долмаҭ, аиеромонах Давид дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.

Ари аиԥылара иара убас иалахәын аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аҳәынҭқарратә Усбарҭа анапхгаҩы Гарри Сангәылиеи аргыларатә еилазаара аиҳабы Руслан Цәеибеи.  Урҭ Бедиатәи аиашахаҵаратә Уахәама аҿы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа иалацәажәеит.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. 

«2023 шықәсазтәи афинансқәа рминистрра аусура аихшьалақәа рыла ицәгьам ҳәа ахәшьара асҭоит. Убри аан ҳара зегьы ҳҿаԥхьа иқәгылоуп иӡбатәны иҳамоу ауснагӡатәқәа жәпакы.  Аҳәынҭқарразы афинансқәа рҵакы дууп. Ирацәаӡоуп зыӡбаразы афинанстә леишәагьы аиӷьтәра зҭахны иҟоу, насгьы урҭ рыҟазааразы иӡбам аекономикатә, асоциалтә проблемақәа», -ҳәа  иазгәеиҭеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит.  Аҳәынҭқарра Ахада дазҵааит Ахада ицхыраагӡатә фонд, аиҳабыра рыцхыраагӡатә фонд, егьырҭ ахыҵхырҭақәа рыҟнытә социалла ихьчам ауааԥсыра ирыҭоу ацхыраара аус. 

Иуадаҩу аԥсҭазааратә ҭагылазаашьа зауз социалла ихьчам ауааԥсыра адгылареи ацхыраареи рыҭара абиуџьеттә система хадара злоу аныхтәқәа рахь иаҵанакуеит, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы аҳасабрба ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба. 

 «2023 шықәсазы Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраагӡатә фонди Аминистрцәа Реилазаареи аҟнытә хәҭақәак  рыла ҳтәылауаа 181 млн мааҭ рҟынӡа рзоужьрала ацхыраара рыҭан. Ус еиԥш ацхыраара зауз 2 011-ҩык рҟынӡа инаӡоит».  

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. 

2020 шықәса инаркны Аԥсны азинхьчаратә усбарҭақәеи атәылахьчара Аминистрреи рбиуџьеттә финансыркра хәҭа-хәҭала аизҳара мҩаԥысуеит. 

3 шықәса рыла, 2020 шықәса инаркны 2023 шықәсанӡа, атәылахьчара Аминистрра азы аныхтәқәа 357 млн. мааҭ рҟынтәи  716 млн.  мааҭ рҟынӡа иазҳаит. 2024 шықәсазы иарбоу Ахылаԥшырҭа афинансыркра   730 млн. мааҭ рҟынӡа иазԥхьагәаҭоуп», - ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аҳасабырба ҟаҵо иҳәеит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.

Аҟәа. Ажьырныҳәамза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба 2023 шықәсазы афинансқәа рминистрра аусура ахырхарҭа хадақәа рзы иҟаиҵаз аҳасабырба дазыӡырҩит. 

Аҟәа ақалақь Наӡаӡе лымҩала амашәыр зхылҿиаар алшо аҩны аҟынтәи ауааԥсыра даҽаџьара рнырхара азы  2023 шықсазы 284,6  млн. мааҭ азоужьхеит, ҳәа Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҿаԥхьа 2023 шықәсазы аусура аихшьаалақәа рзы аҳасабрба ҟаҵо иазгәеиҭеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба.   .

«Ҷыдала иаԥҵаз акомиссиа аԥҵан, иарбоу аҩны аҿы инхоз зегьы ирыхәҭаз ашәатәқәа рызшәан. Аԥаратә хархәагақәа Аҟәа ақалақь Ахадара абиуџьет ахь инашьҭхон, анаҩс ауааԥсыра дара иахьырзыманшәалоу акоммерциатә банкқәа рҿы ахаҿытә ԥхьаӡара рзаартрала ирзоужьхон.   108-ҩык ауадақәа зтәыз аԥара роуит», –  ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр  Владимир Делба.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.