pressadmin-2
Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Донбасс иҭахаз Владимир Харабуа иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр, Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу арегионқәа рҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада азин ҷыда змоу ихаҭарнак Лев Кәҵниа напхгара зиҭо Аԥсны аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ргәыԥ Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз аԥсуа еибашьҩы Владимир Харабуа иԥсыбаҩ иԥсадгьыл ахь аагаразы Донецктәи Жәлартә Республика ахь амҩа иқәлеит.
Урыстәылатәи арестовраторцәа Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Аамҭа кьаҿ иалагӡаны Аҟәаҟа амҩа иқәлараны иҟоуп Урыстәыла акультура Аминистрра аусдырыҩцәа. Аминистрра аделегациа иалахәхоит И.Е. Грабарь ихьӡ зху Урыстәылазегьтәи асахьаҭыхра ҭҵаарадырра-реставрациатә Центр ахаҭарнакцәа, Аҳәынҭқарратә ҭҵаарадырра-реставрациатә Институт, Третиаков ихьӡ зху агалереиа, Аурыс музеи рхаҭарнакцәа», – ҳәа л-telegram-канал аҿы илыҩит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова.
Нестор Цужба атурнир «Кубок Солнечного» аҿы араӡнытә аԥхьахә игеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 10-шықәса зхыҵуа Нестор Цужба аԥкьаҭмпыл азы II акатегориа змоу Урыстәылатәи атурнир «Кубок Солнечного» аҿы 13 шықәса зхыҵуа аспортсменцәа рыбжьара араӡнытә аԥхьахә игеит.
Атурнир мҩаԥысуан Белоруссиа, ажьырныҳәамза 14 инаркны 21 аҟынӡа, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы апресс-маҵзура.
Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҟны Аԥсни Еиду Арабтә Емиратқәеи реинырразы аусуратә гәыԥ аԥырҵеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи Урыстәыла иҟоу Еиду Арабтә Емиратқәа ацҳаражәҳәаҩ Тимур Забирови онлаин еиҿцәажәара мҩаԥыргеит.
Аганқәа аперспектива злоу аусеицура ахырхарҭақәа ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аҳәынҭқарратә маҵзура азы азакәан апроект Апарламент асессиа аилатәара актәи аԥхьараан иахәаԥшраны иҟоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Аҳәынҭқарратә маҵзура азы» азакәан апроект иахәаԥшит адепутатцәа иахьа имҩаԥысыз аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы аилатәара аҿы.
Азакәан апроект аҳәынҭқарратә маҵзура аинститут анорма-зинтә еиҿкаара аганахьала иҟоу Аԥсны азакәанԥҵара аҿы абжьаха арҽеира хықәкыс иҟаҵаны еиқәыршәан, ҳәа адырра ҟанаҵоит Жәлар Реизара-Апарламент аофициалтә саит.
Џьансыхә Нанба: аԥснытәи аган абылтәы џьармыкьа аҿы аҭагылазаашьа арҽеира азы иалшоз зегьы ҟанаҵеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, аенергетикеи атранспорти рминистр Џьансыхә Нанба ажурналистцәа ирзеиҭеиҳәеит иахьа Аԥсны абылтәы џьармыкьа аҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа атәы.
Иара еизаз иргәалаиршәеит 2023 шықәса анҵәамҭазы Урыстәыла аиҳабыра ԥхынҷкәынмза 12, 2012 шықәсазы ахәаахәҭра ибжьаҵаз арежим азы Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аилахәыра «Роснефти», уи иаҿыгоу анаплакқәеи рымацара Аԥсныҟа анефҭаалыҵқәа хазхаҭала рекспорт амҩаԥгаразы аҷыдалкаатә зин рызҭо аӡбамҭа шаднакылаз.
«Аиԥш-зеиԥшу аӡбамҭа рыдаркылеит Аахыҵ Уаԥстәыла аганахьалагьы. Иахьатәи амш азы Аԥсныҟа еиԥш, Аахыҵ Уаԥстәылаҟагьы анефҭаалыҵқәа рекспорт иадҳәаланы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиԥшуп. Иарбоу аӡбамҭа зызкыз, насгьы уи ҳара ҳзы ахҟьаԥҟьақәас иацыз? Ԥхынҷкәынмза 21 рзы Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа аӡәырҩы Ԥсоу аӡиас ала инагоу аҳәааҿы зыхә ршәахьаз, насгьы зымҽхакқәа ашәҟәы иҭагалаз, аҳазалхратә шәҟәҭагалара иахысхьаз ртауар аиагараан ауадаҩрақәа рызцәырҵит. Урыстәылатәи Афедерациа аҳазалхратә усбарҭақәа, ԥхынҷкәынмза 16, 2023 шықәсазы Аиҳабыра аҿы ирыдыркылаз Аӡбамҭа иазхьаԥшуа аҳәаа иадгылаз анефть аалыҵ аиагаразы азин рырҭомызт. Ари аҩыза аҭагылазаашьа жәаҳәарада ауааԥсыра рыдагьы атәыла Анапхгарагьы акыр агәҭынчымра рызцәырнагоит», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аминистр атәыла Анапхгара ишьақәгылаз аҭагылазаашьа активла аӡбара ишаҿыз азгәеиҭеит.
«2023 шықәса иалагӡаны Аԥсны аекономика Аминистрра изныкымкәа ари аҩыза аӡбамҭа адкылара шиашам азы ахатәы гәаанагара аофициалла иаанарԥшуан. Уи Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәа русдкыларатә усурақәа аԥкрақәа алазгало усны иԥхьаӡан», – ҳәа иҳәеит Џьансыхә Нанба.
Аминистр иажәақәа рыла, иахьатәи амш азы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ала аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, иаанханы иҟоуп 6 нызықь тонн абылтәы. Уи мызкы мацара иазхоит.
«Иахьа, урыстәылатәи ҳколлегацәа иҳарҭо адыррақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Ақәҵара ҭнажьит. Уи уаанӡа ирыдаркылаз ақәҵара азинмчы ааннакылоит.
Уи иабзоураны иалыршахоит аамҭа кьаҿ иалагӡаны аҳазалхратә шәҟәҭагалара иахысхьоу анефҭаалыҵқәа Аԥсныҟа раагара. Ари аҩыза аӡбамҭа ҳазыԥшуижьҭеи акрааҵуан», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Џьансыхә Нанба.
Аԥсны абылтәы џьармыкьа алахәылацәақәак мызкы рбылтәыҭаҭәарҭақәа русура ааныркылар акәхеит. Иҿыцу Ақәҵара азинмчы аҽҳәара фымз рҟынӡа инаӡоит.
Урыстәылатәи атеатрқәа апрограммақәа «Агастроль дуқәа», «Ҳара-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иаараны иҟоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи атеатрқәа апрограммақәа «Агастроль дуқәа», «Ҳара-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсныҟа иаараны иҟоуп. Абри атәы л-Telegram-канал аҿы илҳәеит Урыстәыла акультура аминистр Ольга Лиубимова.
«273 театри 65 рҿиаратә коллективқәеи ҳара 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭаны иҳамоу Урыстәылазегьтәи агастрол-концерттә план иалахәхараны иҟоуп. Апрограммақәа «Агастроль дуқәа», «Ҳара-Урыстәыла» аҳәаақәа ирҭагӡаны артистцәа ирҭаараны иҟоуп Аԥсны, Ермантәыла, Ҟазахсҭан 283 қалақьи аиланхарҭатә пунктқәеи», – ҳәа илҳәеит Ольга Лиубимова.
2000 цыра инареиҳаны Аԥсны акцизатә дырга змамыз асигареҭ рымхра мҩаԥыргеит аҳазалхратә ҭыԥ «Ԥсоу» аҿы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 19 рзы Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аусзуҩцәа аҳазалхратә ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» аҿы иаанкыланы игәарҭеит Аԥсны атәылауаҩԥҳәыс Оганесиан К.В зыԥсҟы лкыз автомашьына, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Амашьына асалон аҿы ирыԥшааит Аԥсны акцизатә дыргақәа змамыз 2 200 цыра рҟынӡа аҭаҭын аалыҵқәа.
Атуар рымхуп. Иарбоу административтә зинеилагарала аматериалқәа зегьы Аԥсны аҳазалхратә Еилакы аусҭҵаареи аҳазалхратә усеилыгарақәеи рыҟәша ахь идәықәҵоуп.
Нодар Шьониа Сибратәи Афедералтә округ аҿы аинырразы Аԥсны АдәАР ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Сибратәи Афедералтә округ аҿы аинырразы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак ҷыдас дҟаҵоуп Нодар Шьониа. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы аконсултә ҟәша аԥҵоуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша.
Шьамтәыла инхо ҳџьынџьуаа ацхыраара рыҭаразы, ахәаахәҭра-економикатә, акультуратә, агуманитартә еимадарақәа рырҿиаразы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭаҿы иаԥҵоуп аконсултә ҟәша.
Аусбарҭа напхгара аиҭоит ҳџьынџьуаҩ Геис Аль-Харки.
Аконсултә ҟәша азинмчрақәа ирыҵанакуеит агәраргагақәа риашара ашьақәырӷәӷәара:
-Шьамтәыла ахархәаразы Аԥсны ирыҭо адокументқәа риашара ашьақәырӷәӷәара;