pressadmin-2
Аԥсны аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз 700-ҩык аанкылан 2023 шықәсазы Аԥсни Қырҭтәылеи ирыбжьоу аҳәаа аҿы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи русзуҩцәа аҳәаахьчаратә закәанԥҵара еилазгаз 700-ҩык ааныркылеит.
Иаанкылаз атәылауаа Аԥсны Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара», ахәҭаҷ 1902 «Ареспублика Аԥсны аҩныҵҟа амшынтә ӡымҽхаки атерриториалтә мшыни рҿы аҳәаахьчаратә режим аилагаразы» инарықәыршәаны административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура асаит аҿы.
130 цәгьоура ашәҟәы иҭагалоуп Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбрҭа аҿы, иаартуп 117.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа атерритоиалтә Усбарҭа 2023 шықәсазы инанагӡаз аоператив-маҵзуратә усура аихшьаалақәа ирызкын атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Гагра араион аҿы имҩаԥигаз анҭыҵтәи аилатәара.
Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусура азы ажәахә ҟаиҵеит Аусбарҭа анапхгаҩы, амилициа аполковник Денис Аиба.
Заанаҵтәи аусеилыргара аҟәшеиҵақәа рыла аусеиҿкаара хыркәшаны аӡбарҭахь идәықәҵан 55 шьаус, урҭ рахьынтә 29 рыла азыӡбақәа рыдыркылеит. 2023 шықәсазы административтә хьырхәра иақәыршәан 686-ҩык атәылауаа, 59-ҩык – анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа рыдкыларазы уахь иналаҵаны.
Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы 2023 шықәсазы ашәҟәы иҭагалан 130 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 117. Ацәгьоурақәа раартра 90% рҟынӡа инаӡоит.
Ашәҟәы иҭагалаз 130 цәгьоура рҟынтәи иӷәӷәоу ацәгьоурақәа – 44, урҭ рахьынтә иаартуп 32.
2022 шықәса аҩныҵҟа ашәҟәы иҭагалан 145 цәгьоура, иаартын 125, даҽакала иуҳәозар -86,2%.
Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аҿы иарбоуп 38 аԥшааратә усқәа, урҭ рыла иаанкылоуп 4-ҩык; хабарда ибжьаӡыз – 16-ҩык, зхаҭара шьақәыргылам аԥсцәа – ҩба.
Зықәра наӡам ашкол арҭҟәацга аҵоуп ҳәа имцырку адырра аҟаҵараҿы дыгәҩароуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 23, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи русзуҩцәа Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2 арҭҟәацга аҵоуп ҳәа имцырку адырра аҟаҵара асхема аадырԥшит.
Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №2, иара убас Гәдоуҭа ақалақь аҿы иҟоу ахәаахәҭратә Центр «Вавилон» арҭҟәацга рыҵоуп ҳәа имцырку адырра аҭара азы аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан дшьақәыргылан, анаҩс иҭаацәа ицны Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ахь днаган зықәра наӡам Аԥсны атәылауаҩ.
Ишеилкаахаз ала, атерроризм акт азы еижьагоу адырра аҟаҵараҿы игәҩароу атәылауаҩ иарку ателеграм-канал иҽаҵаиҩит, уи амодераторцәа Аԥсны анҭыҵ иҟоуп. Анаҩс иареи иарбоу ателеграмм-канал амодераторцәеи асоциал ҳа ала активла аимадара рыбжьарҵеит.
Аԥснытәи аспортсменцәа карате киокусинкаи азы иаарту аицлабрақәа «Сталинград Ахраҿа» рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 22, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи аспортсменцәа карате киокусинкаи (кумите) азы Волгоградтәи аобласт иаарту аицлабрақәа «Сталинград Ахраҿа» рҿы аԥхьахәқәеи аиааирақәеи ргеит.
Атурнир мҩаԥысуан ажьырныҳәамза 21 рзы Волгоград ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит 20 командақәа рҟынтәи 300-ҩык инареиҳаны аспортсменцәа. Ареспублика Аԥсны ахьӡала иқәгылеит Аԥсны карате кекусинкаи Афедерациа ҩ-ҟәшак: Агәыӡера аҳабла аҟынтәии Очамчыра ақалақь «Аклуб Абраскьыл» аҟынтәии – 27-ҩык аспортсменцәа. Атурнир аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортсменцәа актәи аҭыԥқәа жәаба, аҩбатәи аҭыԥқәа быжьба, ахԥатәи аҭыԥқәа хԥа ааныркылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.
Еиқәхаз асахьақәа Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҟынтәи адәылгара иаҿуп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбраҿы иаха иҟалаз абылра ашьҭахь Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд аҟынтәи ахәҭа хәыҷы еиқәхеит.
Уи Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Висарион Ҵәыџьба, Голава, Ҭачулиа, Минасиан, уҳәа егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа роуп.
Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа Ацәыргақәҵатә зал Хада амца закыз аилкааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа ажьырныҳәамза 21 ауха Ацәыргақәҵатә зал Хада амца закыз аилкааразы ауснагӡатәқәа мҩаԥыргоит.
Урҭ уажәы ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҿы раԥхьатәи аматериалқәа еидыркылоит, амцарцәара-техникатә експертиза азгәаҭоуп.
Иҟоу адыррақәа рыла, ахыбра амца акит ашьыжь шаанӡа, асааҭ 03.30 инарзынаԥшуа.
Абылра зыхҟьаз еиуеиԥшым амзызқәа ҭырҵаауеит, гәҭакрала амца ацраҵарагьы уахь иналаҵаны.
Иалкаахеит ашахматқәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы реитингтә еицлабрақәа рҿы аиааира згаз.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ажьырныҳәамза 20-21 рзы аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аҟәа ақалақь аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭеи иҟарҵаз адгыларала ирыцҵахеит традициала имҩаԥгахо ашахматқәа рзы Ареспубликатә ахәыҷтәы реитингтә еицлабрақәа «Алашара – иқәыԥшу агәыӷырҭақәа». Урҭ рхы аладырхәит 90 - ҩык инарзынаԥшуа ахәыҷқәа.
8 шықәса зхымҵыц ахәыҷқәа рыбжьара актәи аҭыԥқәа ааныркылеит Ҭҟьебучаа Давид (ақ.Аҟәа), Гәылариа Емили (ақ.Гәдоуҭа), аҩбатәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Хьынҭәба Глеб (ақ.Гәдоуҭа), Папба Адель (ақ. Аҟәа), ахԥатәи аҭыԥқәа ааныркылеит – Хуснутдинов Димир (ақ. Аҟәа), Адлеиба Амели (ақ. Аҟәа).
Ольга Лиубимова Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра азы: «Атрагедиа ҟалеит Аҟәа».
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа акультура аминистр Ольга Лиубимова Аҟәа ақалақь, Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра трагедиоуп ҳәа ахылҳәааит, уи иара убас Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра ишьақәгылаз аҭагылазаашьа аҿы цхыраарас иҟанаҵара иазхәыцуеит ҳәа аҳәамҭа ҟалҵеит.
«Аҟәа аиашазы атрагеддиа ҟалеит. Аԥснытәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳазхәыцуеит иарбан цхыраароу иҟаҳҵаша …», – ҳәа л-Telegram-канал аҿы илыҩит Ольга Лиубимова.
Ажьырныҳәамза 21 ауха Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла иатәу Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра иахҟьаны Амилаҭтә галереиа афонд маҷк ада зегьы блит. Ари ахыбраҿы иҟаз ԥшьнызықь инареиҳаны асахьақәа рҟынтәи мацара еиқәхеит 150 рҟынӡа асахьақәа. Амца иалаблит Алеқсандр-Шервашиӡе иусумҭақәа зегьы.
150 рҟынӡа асахьақәа еиқәхеит ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра аҿы.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 150 рҟынӡа асахьақәа еиқәхеит Аԥснытәи асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра аҿы, ҳәа «Абаза-ТВ» акорреспондентцәа дрыҿцәажәо илҳәеит Аԥсны акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.
Уи Виктор Шьеглов, Хәыта Аҩӡба, Сергеи Сангалов, Сергеи Габелиа, Висарион Ҵәыџьба, уҳәа егьырҭ асахьаҭыхыҩцәа рҭыхымҭақәа роуп.
Динара Смыр ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы иҟалаз абылра азы: иҟалаз ахҭыс амилаҭтә культура азы ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо, акала иузхамырҭәаауа ацәыӡ ауп.
Аҟәа. Ажьырныҳәамза 21, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иҟоу адыррақәа рыла, ацәыргақәҵатә зал Хада аҿы амца иалаблит ԥшьнызықь инареиҳаны асахьақәа. Абри азы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо адырра ҟалҵеит атәыла акультура аминистр инапынҵақәа назыгӡо Динара Смыр.
«Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд зегьы блит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп иахьа. Ацәыргақәҵатә зал Хада ахыбра аҩбатәи аихагылаҿы иҟан Амилаҭтә сахьатә галереиа афондқәа, 4000 екземплиар инареиҳаны. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо 300 рҟынӡа Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иусумҭақәа... Аԥсны Амилаҭтә сахьатә галереиа афонд иатәыз асахьақәа зегьы блит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Иҟалаз ахҭыс амилаҭтә культура азы ахаан зеиҭашьақәыргылара ҳалымшо, акала иузхамырҭәаауа ацәыӡ ауп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит Динара Смыр.