Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы ақәыршә (адунеикәшаратә) аныхачаԥа Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Аофициалтә Хаҭарнакра ахь иааргеит.
Ахԥатәи адунеикәшаратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны, уаҵәы, ԥхынҷкәынмза 10 рзы, ари аныхаҷа Сербиаҟа, уаантәи Германиа, Швециа, Англиа, Скандинавтәи атәылақәа, Австралиа, Иапониа рахь ицоит, анаҩс шьҭахьҟа Москваҟа ихынҳәуеит.
Адунеикәшаратә Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы аныхачаԥа атәылақәа жәпакы ирҭаахьеит. Ацқьа ааӡабхгаҩы Вонифати ихьӡ зху Агәыҳалалратә Фонд ахантәаҩы Наталиа Мезенцева лажәақәа рыла, Аԥсны – ари 67-тәи тәылоуп иарбоу аныхаҷа зҭааз.
«Аныхаҷа иалоуп Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы ақәыршә ахәҭаҷ, уи иерусалимтәи апатриарх Феофил иҟынтәи ҳамҭас иаиуит. Ари аныҟәара аҳәаанырцә иҟоу Аурыс Иашахаҵаратә Уахәама аԥхьаиерарх, уажәы зыдунеи зыԥсаххьоу Мрагылара-Америкатәии Нииу-Иорктәии Иларион иқәныҳәалара. Иара апатриарх Феофил дицны ари аныхаҷа напык аҟынтәи даҽа напык ахь аиасрала адунеи аҿы аҭынчра шьақәгыларц Анцәа иҳәара азы ааԥхьара ҟаиҵеит», — ҳәа илҳәеит лара.
Наталиа Мезенцева ари аныхаҷа аныҟәара афашисттә Германиа аиааира ҟалеижьҭеи 80-шықәса аҵра иазкуп ҳәа иазгәалҭеит. Асовет Архәҭакқәа реилазаараҿы хацәнымырха еибашьуан хыԥхьаӡара рацәала Аԥснытәи афырхацәа, аӡәырҩы аҭынчра ахьчара рхы ақәырҵеит.
Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ ахылаԥшҩы аигумен Игнати (Киут) Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы ақәыршә аныхачаԥа Аԥсны иахьаҭааз акырӡа аанагоит ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Анцәа Иан динхаҵарала изеиуазаалакгьы, аиашареи ақьиареи иашьҭоу ауаа зегьы реидкылареи рхылаԥшреи асимволра налыгӡоит. Ҳара Анцәа Дзыхшаз Ацқьа Мариа лхылаԥшра ҳшаҵанакуа дырны акырӡа амыҟәмабарақәа зхызгахьоу ҳтәылаҿы ицәырҵуа акризисттә ҭагылазаашьақәа ҳрыцәшәаӡом. Анцәа Дзыхшаз лматанеирала ауаажәларра рыҩныҵҟа хра злоу аиҭакрақәа ҟалар алшоит, аекономикатәии аполитикатәи апроцессқәагьы уахь иналаҵаны», - ҳәа иҳәеит аԥшьаҩы.
Иара убасҵәҟьа уи иазгәеиҭеит аныхаҷа адаԥа Афон Ҿыц изызҳаз аевкалипт ишалху.
Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацуразы Аофициалтә Хаҭарнакра аусзуҩцәа Наталиа Каиуни Константин Сарванидии Аԥсадгьыл гәыкала азыҟазаареи ахьӡи аԥшеи афырхаҵареи рытрадициақәа рыцҵара аҿы рлагала азы аҳамҭақәа ранашьахеит.
Наталиа Каиун илоуз агәцаракреи лџьабаа азхаҵареи рзы иҭабуп ҳәа лҳәеит. Уи Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура азы Аофициалтә Хаҭарнакра Аԥсны имҩаԥнаго аусмҩаԥгатәқәа рҵакы ахадара инаҵшьны иазгәалҭеит.
«Урҭ А.С. Пушкин ида, итрадициатәу аҵак дуқәа, иара убас аԥсуа-аурыс культура аҿиара иазкуп», - ҳәа илҳәеит лара.
Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лхылаԥшхәы ақәыршә (адунеикәшаратә) аныхачаԥа ԥхынҷкәынмза 7 инаркны Аҟәа ақалақь, Анцәа дзыхшаз Ацқьа Мариа Лымшхәыбзазара акафедралтә ныхабаа аҿы иҟан.