Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспублика Аԥсны Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 207, ахәҭа 1 иазԥхьагәанаҭо ацәгьоура (Ахулиганра) аҿы дыгәҩараны Смыр Омар Сергеи-иԥа иганахьала ашьаус хацыркуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны апрокуратура Хада аофициалтә саит.
«Ԥхынҷкәынмза 7, 2024 шықәса, асааҭ 23:00 инарзынаԥшуа, Смыр Омар, Аԥсны аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо аштатнҭыҵтәи ицхырааҩ иаҳасабала, Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу аресторан «Дольче Вита» аҿы Гагра араион апрокурор Пкьын Б.Иу. деисит, ихи ицәеижьи рахь хыԥхьаӡара рацәала ахәахәарақәа иниҵеит.
Пкьын Б.Иу. иааирԥшыз аҿагылара ашьҭахь Смыр Омар иҭҟьо амцабџьар аацәырганы уи иганахьала хәынтә еиҵамкәа дхысит, анаҩс иарбоу ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи дықәҵит», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.
Ԥхынҷкәынмза 8, 2024 шықәса рзы Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусеилыргаратә ҟәша Омар Смыр иганахьала ашьаусеилыргара хацнаркит. Уи ашьҭахь аус анаҩстәи аилыргара азы Аҟәа ақалақь апрокуратура ахь ииаган. Омар Смыр иԥшаареи иаанкылареи рзы аоперативтә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.