Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. «Автотранспорттә хархәагақәа рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара азы» азакәан апроект иалацәажәеит Жәлар Реизара-Апарламент аҳәынҭқарра-зинтә политиказы Аилак алахәылацәа реилатәара аҿы. Урҭ азакәан апроект аус адулара иацырҵарц аӡбамҭа рыдыркылеит. Авторцәа ргәаанагарала, иарбоу азакәан апроект ала аҭыԥ иқәҵатәу апроблемақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп:
- иаарту, аҳәынҭқарреи ауаажәларреи рзы финансла ифеидоу аԥҟарақәеи аҳәынҭқарратә шәҟәҭагаларатә дыргақәа рыҭара, ус иуҳәар ауазар, ипрестижу асериақәеи акомбинациақәеи рыҭара апринципқәеи рышьақәыргылара;
- ашәҟәы иҭагалам, мамзаргьы атехникатә гәаҭара иахымсыз, мамзаргьы автотранспорттә хархәага аԥшәма иԥсахра аан аиҭашәҟәҭагалара иахымсыз автотранспорттә хархәагақәа рхархәаразы аԥкрақәа ралагалара.
Азакәан апроект автотранспорттә хархәагақәа рҳәынҭқарратә шәҟәҭагалара азы аиҿкааратәии азинтәи ашьаҭақәа шьақәнаргылоит.