Иара иазгәеиҭеит афинансыркра иааиуа амчыбжь инаркны ишалаго.
«Ԥхынҷкәынмза 18 рзы ауаа руалафахәы роуа иалагоит», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа атәыла аԥыза-министр инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба диԥыло, ԥхынҷкәынмзазы атәанчахәқәа зегьы ианаамҭоу ршәара алыршахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.
«Ҳтәанчаҩцәа рҿаԥхьа ҳаԥхықәрақәа зегьы хымԥада инаҳагӡоит, еиҵахара ҟалаӡом», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.
Иара иазгәеиҭеит афинансыркра иааиуа амчыбжь инаркны ишалаго.
«Ԥхынҷкәынмза 18 рзы ауаа руалафахәы роуа иалагоит», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.