АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2024

Агәыҳалалратә акциа «Аԥсны аус бзиақәа рзы Ашықәсҿыцтәи амарафон» мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 16 – 20 рзы.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 16 инаркны ԥхынҷкәынмза  20 аҟынӡа, Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥгахоит Агәыҳалалратә акциа «Аԥсны аус бзиақәа рзы Ашықәсҿыцтәи амарафон».   Абри атәы Sputnik-Аԥсны апресс-центр аҿы еиҭарҳәеит Аԥсны ахәыҷы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу, Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» адиректор Мактина Џьынџьал, амарафон аиҿкааратә комитет ахантәаҩы Анас Лашәриеи Акультура-гәыҳалалратә Фонд «Ашана» аволонтиортә корпус анапхгаҩы Анисиа Бжьаниеи.

Мактина Џьынџьал амарафон амҩаԥгаразы аԥшьгара ҟазҵаз акультура-гәыҳалалратә Фонд аволонтиорцәа роуп ҳәа иазгәалҭеит.

«Мчыбжьык аԥхьа амарафон амҩаԥгаразы ирхиоу аконцепциа лыманы  ҳара ҳофис ахь дадҵаалеит Анас Лашәриа.  Ари хәымш ирҭагӡахо амарафон акәхоит, уи ԥхынҷкәынмза 16 инаркны ԥхынҷкәынмза 20 рҟчнӡа амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Иара иазԥхьагәанаҭоит еиуеиԥшым, агәыҳалалра ахықәкы змоу аусмҩаԥгатәқәа. Уи еиуеиԥшым аҟазара-аклассқәа, ахәаахәҭра-цәыргақәҵақәа роуп. Араҟа ицәыргахоит Ашықәс Ҿыц азы аалыҵқәеи арҿиаратә усмҩаԥгатәқәеи», - ҳәа илҳәеит лара.

Мактина Џьынџьал ишазгәалҭаз ала, иарбоу амарафон амҩаԥгара ахықәкы хаданы иҟоуп – афонд «Ашана» аҟынтәи ацхыраара зауа ахәыҷқәа рыхәшәтәразы аԥаратә хархәагақәа реизгара, ахәыҷқәа рыбжьара аинвалидра атема азхьаԥшра, ус еиԥш иҟоу ахәыҷқәа ауаажәларра рахь ринтеграциеи рсоциализациеи азҵаара аӡбара алыршара. Хәымш имҩаԥысло амарафон аҳәаақәа ирҭагӡаны ирҳахо аԥаратә хархәагақәа зегьы ацхыраара зҭаху ахәыҷқәа рыхәышәтәразы идәықәҵахоит. 

Анас Лашәриа хәымш рыҩныҵҟа амарафон ареспублика ауааԥсыреи асасцәеи реидкыларала ҳазҭагылоу имариам аамҭазы аиҳарак иуашәшәыроу ахәыҷқәа агәцаракреи агәырӷьареи рыҭара шалнаршо азы агәыӷра аалырԥшит.

Анисииа Бжьаниа лажәақәа рыла, уажәы агәыҳалалратә акциа амҩаԥгара аҭыԥ азы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуеит.

«Амарафон алахәхаразы ааԥхьара роуеит азеиԥҵараиурҭақәеи ахатә школқәеи, арҿиаратә коллективқәа, ахәыҷтәы хореографиатә ансамбльқәа, уҳәа уи азы агәазыҳәара змоу зегьы. Ахәаахәҭра-цәыргақәҵа Ашықәс Ҿыц иахьадҳәалахо инамаданы, уаҟа ицәыргахоит ашықәсҿыцтәи аинсталлиациақәа, анапкымҭақәа, ачыс хаақәа, ашықәсҿыцтәи аимбиртә чарӡгьы уахь иналаҵаны», - ҳәа лажәа иацылҵеит лара.

Агәыҳалалратә марафон аартра ацеремониа мҩаԥысуеит ԥхынҷкәынмза  16 рзы. Агәыҳалалратә акциа ахьымҩаԥысуа аҭыԥи уи аусмҩаԥгатәқәа  рыпрограммеи рышьақәырӷәӷәара  ԥыҭрак ашьҭахь иҟалоит.  

 

 

 


Read 126 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.