Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гәдоуҭа араион аструктура хадақәа русура аиҿкаара азҵаарақәа рзы аштаб аҷыдалкаатә еилатәара мҩаԥысит Гәдоуҭа араион Ахадара аҿы.
«Зегьы ишәдыруеит иахьатәи амш азы ареспублика аенергетика аусхкы аҿы ишьақәгылаз иуадаҩу аҭагылазаашьа атәы. Ари ҭыԥ-ҭыԥла ицәырҵыз проблеманы иҟаӡам, ари аҳәынҭқарратә масштаб змоу апроблема ауп. Убри инамаданы, ҳара араион ихадоу аструктурақәа русура аиҿкааразы аштаб аԥаҳҵоит», - ҳәа иҳәеит араион ахада Валери Аҩӡба.
Араион ашколқәеи ахәыҷбаҳчақәеи аштаттә режим ала аус руеит, аха иалкаау аԥкрақәа ацуп.
Ахәҭакахьала Ҳаразиа ашколқәа рҿы аформа аныҟәгара аганахьала арԥсыҽрақәа ралагалара шазԥхьагәаҭоу азгәеиҭеит.
Ахәышәтәырҭа абжьааԥнытәи арежим ала аус ауеит.
Араион ауааԥсыра чала реиқәыршәара аганахьала уадаҩра ыҟыӡам.
Абанкттә система еиԥҟьарада аусура алыршара азы Гәдоуҭа араион аинтернет-проваидерцәа алархәны аконсультациақәа мҩаԥган, ҳәа адырра ҟанаҵоит Гәдоуҭа араион Ахадара апресс-маҵзура.