pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Лаҵарамза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, Жәларбжьаратәи амузеиқәа рымш лаҵарамза 18 рзы Аҟәа имҩаԥысуеит акциа «Аҵх амузеи аҟны». Аҳҭнықалақь аҿы ари акциа рхы аладырхәуеит Аԥсны аҳәынҭқарратә музеи, Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба ихьӡ зху Аибашьратә хьӡи-ԥшеи рмузеи, Дырмит Гәлиа ихьӡ зху алитературатә-мемориалтә музеи, иара убас Аԥсны Абанк аԥарақәа Рмузеи.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аатит асааҭ 11:00 рзы.

Амузеи аҿы «Сара гәахәарыла Сыԥсадгьыл ахь схынҳәуан» ҳәа хыс измоу ацәыргақәҵа мҩаԥгахеит. Араҟа ицәыргақәҵахеит асахьаҭыхыҩ-аграфик Алеқсандр Чачба-Шервашидӡе ихатәы маҭәақәа. Даҽа цәыргақәҵак Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аҿы Аиааира агара Амш иазкуп.

Хазы игоу атематикатә блок изкхеит аҭоурыхдырҩы, ажурналист, Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аветеран, Асоветтә Социалтә Республикақәа Реидгыла ажурналистцәа Реидгыла алахәыла, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи ԥыхьатәи адиректор Алеқсандр Тариа.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гьаргь Ӡиӡариа игәалашәара иазку Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа «Кавказтәи аибашьра: аҭоурых аурокқәеи ҳазҭагылоу аамҭеи» Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы имҩаԥысуеит.

Аконференциа алахәхара азы Аԥсныҟа иааит Москва, Санкт-Петербург, Тиумень, Ориол, Симферополь, Ставрополь, Грозныи, Махачкала, Черкесск, Ҟарачаевск, Маиҟәаԥ ақалақьқәа рҟынтәи аҵарауаа.

Аконференциа аартуа, ААУ аректор Алеко Гәарамиа аконференциа амҩаԥгара арыцхә алхра машәыршақә иҟамлаӡеит ҳәа иазгәеиҭеит. Уи  лаҵарамза 21 рзы иазгәарҭо Кавказтәи аибашьра анҵәара 160-шықәса ахыҵра иадҳәалоуп, насгьы иналукааша аҵаауаҩ ду, арҵаҩы, аҳәынҭқарратә усзуҩ Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа (06. 05.1914 – 01.05.1988шш.) дижьҭеи  110-шықәса аҵра иазкуп.

«Лаҵарамза 6 рзы 110 шықәса ҵит Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа дижьҭеи. Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа иналукааша аҵарауаҩ инаҩсгьы, ҳҵараиурҭа зеиӷьаҟам анапхгаҩыс дыҟан. 1975 шықәсазы Гьаргь Алықьса-иԥа Ӡиӡариа еицырдыруа имонографиа «Амҳаџьырреи   Аԥсны XIX ашәышықәса аҭоурых апроблемақәеи» иҩит. Гьаргь Алықьса-иԥа аԥсышәала аҭоурых акурс даԥхьон. Иара еиуеиԥшым аҩаӡарақәа рдепутатс дыҟан. Иахьа аконференциа далахуп уи иԥа, еицырдыруа асахьаҭыхыҩ Адгәыр Ӡиӡариа», - ҳәа иҳәеит Алеко Гәарамиа.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Арккаратә проект «SputnikPro на Зубовском» аҩбатәи асезон хацыркхеит Москва ақалақь аҿы.  

Амедиагәыԥ «Россия сегодня» аекспертцәа хәымш рыҩныҵҟа ажурналистцәа, аблогерцәа, ауаажәларратә активистцәа рԥышәа рымардалоит. Асасцәа ирзыԥшуп ҳаамҭазтәи амедиа ихадоу ахыхарҭақәа рыла амастер-классқәеи аԥышатә зыҟаҵарақәеи.  

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҿы иԥшааны ирымырхит 25 цыра амаининг-аппаратқәа, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.  

Изакәанымкәа афымцацәаҳәа аҿакреи акриптовалиута арҳара иазку аусура анагӡареи рзы афактқәа аадырԥшит Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа 1-тәи аҟәша аусзуҩцәа.  

Арцах амҩала иҟоу ашьҭаҵарҭатә хыбра аҿы иԥшааз 4аппаратк Ахба Денис Рамин-иԥа итәуп.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Иран Ахада Ебраҳим Раисии адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани рҭахара инамаданы адышшылара ҟаиҵеит. Абри атәы аанацҳауеит атәыла ахада ипресс-маҵзура.

Адышшыларатә шәҟәы аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ареспублика Аԥсны гәалсра дула ирыдыркылеит лаҵарамза 19 рзы иҟалаз аҵәиԥрыга акаҳара иахҟьаны Иран Ахада Ебраҳим Раисии адәныҟатәи аусқәа рминистр Амир Абдоллахиани, егьырҭ акырзҵазкуа аҳәынҭқарратә усзуҩцәеи рҭахара азы ажәабжь хьанҭа.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент аделегациа Алада-Урыстәылатәи Апарламенттә Ассоциациа 40-тәи аконференциа (ЮРПА) аусура иахьалаго Ареспублика Калмыкиа аҟынӡа инаӡеит. Ареспублика Калмыкиеи Ставропольтәи атәылаҿацәи ирыбжьоу административтә ҳәаа аҿы, Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Ашоҭ Миносиан напхгара зиҭо аԥснытәи апарламенттә делегациа дырԥылеит Ареспублика Калмыкиа Жәлар Рхурал (Апарламент) ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Николаи Нуров.

Аԥснытәи аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Венори Бебиа – акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы, Левон Галустиан – аҵарадырреи анаукеи абызшәатә политикеи адинхаҵареи амассатә информациа ахархәагақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ,  Нарсоу Салаҟаиа – акультуреи аҿари аспорти русқәа рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ, Вахтанги Голанӡиа – аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы алахәыла.  

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Дмитри Гәазааи уи ицеицлабуаз бельгиатәи аспортсмен Уго де Вильди европатәи аԥхьахәгара GT World Challenge Sprint Cup авторалли аҿы аҩбатәии ахԥатәии аҭыԥқәа ааныркылеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Акоманда «Аҟәа» анапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҿы аҳәса ркомандақәа рыбжьара аиааира агеит. Афинал аҿы акоманда «Аҟәа» ахәмарыҩцәа гәдоуҭатәи анапылампылтә команда асчиот  3:2 ҳәа иаиааит.

«Аџьаз медал» азы аматч аҿы Пицундатәи акоманда агәыӡератәи анаплампыласыҩцәа ииааит асчиот  3:1 ҳәа.

Аҟәа. Лаҵарамза  20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара аџьармыкьа абылтәы ала ахарҭәаара инамаданы, хәажәкырамза 1, 2024 шықәса рзы иаланагалаз  абылтәы аекспорт азы аԥкра аамҭала иааннакылоит. Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрра ахь азхьарԥш ҟаҵо абри атәы аанацҳауеит Урыстәылатәи Амедиагәыԥ «РосБизнесКонсалтинг» (РБК).

Уаанӡа аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак ажурналистцәа дрыҿцәажәо, Урыстәылатәи Афедерациа аенергетика Аминистрра атәыла Анапхгара ахь абылтәы аекспорт азы иалагалаз аԥкра аамҭала аанкларазы ажәалагала ҟанаҵеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Аҟәа. Лаҵарамза 20, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Жәлар Реизара-Апарламент аҿы «анапхгаратә сааҭ» амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит адепутатцәеи атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киути реиԥылара.

«Анапхгаратә сааҭ» амҩаԥгара аҽазыҟаҵараан атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә Еилакы аминистр иахь идәықәнаҵеит адепутатцәа зызҿлымҳау азҵаарақәа рсиа.  

Жәлар Реизара-Апарламент апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аминистр адепутатцәа азинхьчара аусхы аҿы иҟоу аҭагылазаашьа, ареспублика аҿы ацәгьоурақәа рҿагылара шымҩаԥысуа, аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҿаԥхьа зыԥшра ҟамҵаӡакәа иӡбатәны иқәгылоу ауснагӡатәқәа дрылацәажәеит, иара убас азакәанԥҵара аиӷьтәра иазку ажәалагалақәаки ҟаиҵеит.   

Анаркотикатә маҭәашьарқәа изакәанымкәа аларҵәареи ахархәареи рҿагылара арӷәӷәара иадҳәалоу апроблемақәа рылацәажәааан, адепутатцәа аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә миграциатә Маҵзуреи аҳәаанырцәтәи атәылауаа ареспублика ахь раареи иалҵны рцареи иадҳәалоу азҵаарақәа рганахьала русеицура шымҩаԥысуа азы азҵаарақәа ҟарҵеит.  Ишдыру еиԥш, анаркотиатә маҭәашьарқәа Аԥсны аиҳарак иалазырҵәо аҳәаанырцәтәи атәылауаа роуп.

Аминистр иара убас адепутатцәа ирыдигалеит амҩа-транспорттә хҭысқәа рзы астатистика, амҩадуқәа рҿы иҟоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.  

Роберт Киут афото-видео камерақәа амҩадуқәа рҿы рышьақәыргылара иадҳәаланы адепутатцәа ирҭаз  азҵаарақәа рҭак ҟаиҵеит. Хазы иазааҭгылеит изакәанымкәа абџьар аныҟәгареи аҵәахреи рызҵаара.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.