АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Рашәара.2025

В.Г.Арӡынба ихьӡ зху ешыратәи ашкол шәышықсатәи аиубилеи азгәаҭара аҽазыҟанаҵоит.

Аҟәа. Рашәарамза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Алада Ешыра ақыҭан иҟоу, В.Г.Арӡынба ихьӡ зху абжьаратәи ашкол аҿы ареспубликатә биуџьет ахарџь ала ахәҭакахьалатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа нарыгӡеит.

Аргыларатә бригада ашкол аҿыԥшыларатә ган дырҿыцит, шьаҭанкыла х-кабинетк еиҭашьақәдыргылеит: адашьма ажәытә ықәхны аҿыц шьҭарҵеит, аҭыӡқәа ршьыхит, иршәит, иҿыцу афымцамҩангагақәа наргеит. Аӡырԥхарҭа еиҭашьақәдыргылеит. Иара убас аспорттә зал аҿы асанеибаркыреи аҽеиҭакырҭақәеи дырҿыцит.  Аспорт зал аиҭашьақәыргылара ахыркәшарахь инеиуеит.

Аусурақәа зегьы ирықәхарџьхахьеит иазоужьыз 10 миллион мааҭ рҟынтәи  8 миллион мааҭ.   

Иазԥхьагәаҭоуп ашкол ахыбра ашьҭахьтәи аҿратә ган аиҭашьақәыргылареи ашкол аҵакыра ахкаареи ашьаҟамҩа ахаҳәцәы ала ачаԥареи.

Иара убас ашкол ахыб рҿыцтәуп.

Сынтәа ешыратәи ашкол шәы-шықәса ахыҵуеит.

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, иахьа ашкол данаҭаа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рыцҵараҿы ацхыраара шыҟаиҵо иҳәеит.


Read 168 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.