АЖӘАБЖЬҚӘА

250615

Беслан Џьопуа Кындыӷ ақыҭан иҟоу ақыҭанхамҩатә наплакқәа дырҭааит.

Аҟәа. Рашәарамза 10, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ақыҭанхамҩа аминистр аԥснытәи аусдкылаҩцәа гәыԥҩык ицны Очамчыра араион Кындыӷ ақыҭан иҟоу ацха арыцқьареи аихырԥсареи рзы азауад даҭааит. Аҭаара хықәкыс иаман анаплакы изаамҭанытәиу аҭагылазаашьа аилкаареи уи аиҭарҿыцразы иҟаҵатәу аусмҩаԥгатәқәа рылацәажәареи. Абри азы адырра ҟанаҵеит ақыҭанхамҩа Аминистрра апресс-маҵзура.

Беслан Џьопуа аҭыԥантәи аҭыжьыҩцәа адгылара рыҭареи ауааԥсыра рҿы ацха аахәаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи иамоу аҵакы ахадара азгәеиҭеит.

Азауәд аусура аиҭашьақәыргылара араион аекономика хра злоу анырра анаҭароуп, аҭыԥантәи ауааԥсыра инацҵаны аусуратә ҭыԥқәа рыла реиқәыршәара алнаршароуп.

Ақыҭаҿы аус ауеит афермер Мераб Шәардлаа иҳаҩсыз ашықәс азы иааиртыз аԥсаатәааӡарҭа афабрика. Ари анхамҩа иарку ацикл змоу  анаплакы ауп, араҟа ирааӡоит 5000 инарзынаԥшуа аброилер ҳәа изышьҭоу ҩымз зхыҵуа ахәҷарақәа. Аалыҵ аҩныҵҟатәи аџьармыкьа аҿы ирҭиуеит. Афермер аминистр иахь аҳәара ҟаиҵеит аиҭашьақәыргылара зҭаху аҭыжьратә хыбра ахыб азҵаара аӡбараҿы ацхыраара ирҭарц.

Аминистр Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Кындыӷ-Агро» (анапхгаҩы Алик Коӷониа) иатәу арԥхарҭатә нхамҩагьы даҭааит. Анаплакы 2017 шықәсазы альготатә кредитра ашьаҭала иргылан (афинансркра амҽхак  – 300 млн. мааҭ иреиҳауп).

Аамҭак азы ари арԥхарҭатә нхамҩа аҿы аспециалистцәа разымхара иахҟьаны атехнологиатә процесс иадҳәаланы ауадаҩрақәа цәырҵуан. Уажәы апроблема ӡбоуп, анаплакы иҭнажьуа аалыҵ – 300 инаркны 500 тонн рҟынӡа,  уи аҩныҵҟатәи аџьармыкьахь инагахоит, убасҵәҟьа Краснодартәи атәылаҿацә ахь експортла идәықәҵахоит.


Read 272 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.