«Сара ишәасҳәо абри ауп: ари аус хымԥадатәиуп шәареи ҳареи иаҳдыруазарц ицқьоу ауаа аус шрыцаҳуа», – ҳәа иазгәеиҭеит Роберт Кьиут.
Амедицинатә гәаҭара аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ахыбраҿы имҩаԥысуан, араҟа ареспубликатә наркологиатә диспансер алаборантцәа агәаҭара апроцедура амҩаԥгара азы иахәҭоу зегьы еиқәдыршәеит.
Раԥхьа агәаҭара иахысит Роберт Кьиут, Беслан Ҷкадуа, Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа анапхгаҩцәа.
Амедицинатә гәаҭара ахатәы шәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәа рхылаԥшрала имҩаԥысуеит. Аҳақьымцәа рхы иадырхәо атестқәа «метадон», «марихуана», «прегабалин», «кокаин», «морфин», «амфетамин», «барбитураты», «субитекс», уҳәа реиԥш иҟоу анаркотикатәи апсихотроптәи амаҭәашьарқәа ихадоу ахкқәа раарԥшра рылшоит.
Иахьазы амедицинатә гәаҭарақәа ирхысит 100-ҩык инареиҳаны. Агәаҭарақәа рхықәкы хаданы иҟоуп анаркотикатәи апсихотроптәи амаҭәашьарқәа здызкыло аусзуҩцәа раарԥшра. Уи мҩаԥысуеит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба идҵа инақәыршәаны. Амилициа аусзуҩцәа ззин ыҟам амаҭәашьар зрыдыркыло шьақәырӷәӷәахар, ус еиԥш иҟоу ауаа аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭа аҟынтәи иамххоит.
Аилатәара ахыркәшамҭаз аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Кьиут абас еиԥш адырра ҟаиҵеит:
«Иахьа ҳара Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭеи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи ахатәы еилазаара рыбжьара амедицинатә гәаҭара мҩаԥаагеит. Рыцҳарас иҟалаз, ззин ыҟам амаҭәшьарқәа здызкылозгьы аарԥшхеит. Аха, ҭакԥхықәрала иазгәасҭоит, раԥхьа иргыланы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭаҿы аусура иаԥсам, анаркотикатә маҭәашьарқәа здызкыло аусзуҩцәа рҟынтәи ҳаилазаара «ҳрыцқьароуп». Ҳәарада, ари аусура егьырҭ ахырхарҭақәа зегьы рыла иацҵахоит. Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аусзуҩцәа зегьы хымԥада амедицинатә гәаҭара иахысроуп. Ззин ыҟам амаҭәашьарқәа шрыдыркыло ала зыҟны ишьақәырӷәӷәахаз аусзуҩцәа зегьы аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рҟынтәи ҩаԥхьа аиҭашьақәыргылара азы азин рымамкәа уи иашьашәалоу астатиа инақәыршәаны рхы иақәиҭтәхоит».