Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьатәи амш азы Аԥснынтәи иалганы Урыстәылаҟа ацитрустә шәырқәа рдәықәҵара мҩаԥысуеит. Иҳаҩсыз уахыки ҽнаки рыла аҳазалхратә ԥыԥшырҭа Ганрацәалатәи Амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ Адлер иахыганы ииаган 1 нызықь тонн амандарина, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура.
Есыҽны, аҳазалхратә гәаҭара иахысуеит Аԥснынтәи ақыҭанхамҩатә аалыҵ зго 200 инарзынаԥшуа аидарамҩангагатә транспорттә хархәагақәа. Ҳазҭоу ашықәс жьҭаарамза алагара инаркны ииагахеит 16 нызықь тонн ацитрус шәырқәа, уи иҳаҩсыз ашықәс арбагақәа (10 тыс. тонн) 60% рыла еиҳауп.
Ацитрусстә шәырқәа рыдагьы аусдкылаҩцәа ииаргоит афеихоа (725 тонна), ахәырма (210 тонна), апаҭырқал (22 тонна), алимон (165 тонна), араса (245 тонна). Зынӡа - 17,5 нызықь тонн инарзынаԥшуа ақыҭанхамҩа аалыҵ. Ацитрустә шәырқәа, егьырҭ ашәырқәеи ашәырҩақәеи реиԥш акарантин иаҵанакуа аалыҵ асиа иалагалоуп. Урҭ афитосанитартә гәаҭареи уи шымҩаԥгаз азы аршаҳаҭгақәеи ацзароуп.
Акарантин-фитосанитартә нормақәа рзы ихымԥадатәиу аусшәҟәқәа зегьы рыҟазаара алыршазар, ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҳазалхратә гәаҭара ԥымкрада иахысуеит. Аелектронтә шәҟәҭагалара, ҳаамҭазтәи атехникатә хархәагақәа рхархәара, уҳәа, ихымԥадатәиу аҳазалхратә операциақәа рымҩаԥгара акыр иармариоит, насгьы уи иаго аамҭагьы аркьаҿуеит.
Иҳаҩсыз ашықәс азы асезон зегьы иалагӡаны ииаган 25 нызықь тонн инарзынаԥшуа амандарина. Сынтәатәи асезон азы ацитрустә шәырқәатрыиагара амҽхак иҳаҩсыз ашықәс азы арбагақәа иреиҵамхароуп.