«Афонд аҵыхәтәантәи ҩышықәса рыла хынтә атәыла анапхгара аҿаԥхьа аԥшьгара ҟанаҵахьан аԥаратә цхыраагӡатәқәа рышьҭыхра азы. Иарбоу аамҭа азы аус зуа реиԥш аус зымуа аҭаацәа рзы ахәыҷы иира азы, шықәсыки бжаки ихыҵаанӡа ахәыҷы ибара азы аԥаратә цхыраагӡатәқәа рхышәа-ҵышәа ҩынтә еиҳаны ишьҭыхын. Убас ала урҭ 27, 22 , 7 нызықь рҟынӡа инаӡеит. Ахәыҷы ибара азы ацхыраагӡатә ԥаратә хархәагақәа есымза ишәахоит», – ҳәа адырра ҟаиҵеит Афонд ахантәаҩы.
Бакур Бебиа асоциалтә ԥгаԥса Афонд азы ауаа аматериалтә дгылара рыҭара еиҳау хыдҵа ыҟаӡам ҳәа иазгәеиҭеит.
Иара иажәақәа рыла, уи аиҳарак аҵакы дууп аинфлиациатә процессқәа анымҩаԥысуа аамҭазы.