АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынҷкәын.2024

Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аусура аамҭала иаанкылоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аусура аамҭала иаанкылоуп, ҳәа Аԥсныпресс ахь адырра ҟарҵеит АУН «Амшынеиқәафымцамч». 

«Џьвартәи аӡеизакырҭа аҿы даараӡа илаҟу аӡы аҩаӡара иахҟьаны автоматика аус ауит, Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аусура аанкылеит» - ҳәа иаҳәоит адырраҭара аҿы.

АУН «Амшынеиқәафымцамч» афымцамч аҭара азы аграфик ҿыц шьақәнаргылеит.

Уаанӡа астанциа иаанашьҭуаз амчхара 160 мегаватт/с рҟынӡа инаӡон. Атехникатә еиҭакрақәа инарымаданы уажәазы иҟоу амчхара  90 мегаватт/с рҟынӡа ауп иахьынаӡо.  

Уахынлатәи аграфик  асааҭ 21:00 инаркны  07:00 рҟынӡа еиҭакрада иаанхоит.  


Read 605 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.