АЖӘАБЖЬҚӘА

сегодня 14:43

Амимоза раԥхьатәи апартиақәа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа ииаргеит.

Аҟәа. Жәабранмза 5, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьоу аҳәынҭқарратә ҳәаа аҿы амимоза асезон алагеит. 2025 шықәсазы  раԥхьатәи «ашәҭқәа рпартиақәа»   рзы адекларациақәа аларгалеит ҳазҭалаз ашықәс, ажьырныҳәамза анҵәамҭазы 600 кьыла инарзынаԥшуа амимоза, мамзаргьы  араӡнытә қәыҵла (акациа) ҳәа изышьҭоу аҵиаа ахкы азы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Ҳазалхратә Маҵзура Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.

Амимоза аиҳарак иргоит Урыстәыла агәы иаҵанакуа арегионқәа рахь. Ашәтәқәа зҭоу иуашәшәыроу аидара  иарку  аҭрақәа ирҭаҵаны, ирхьшәашәаны ииаргоит.

Амимоза аиҳарак аиагара жәабранмза анҵәамҭеи хәажәкыра раԥхьатәи амшқәеи ирҭагӡахоит. Иҳаҩсыз ашықәс азы Урыстәылаҟа ииаргахьеит 240 тонн рҟынӡа «ахьтәы» ашәҭшьыҵәрақәа.      


Read 20 times - Ахаша, 05 Жәабран 2025 12:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.