Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. «Аԥснытәи амилаҭтә еиҿкаара» ахантәаҩы Адгәыр Арӡынба ипресс-конференциа мҩаԥысит ашәахьа, ԥхынҷкәынмза 16 рзы.
Ажурналистцәа рԥылара аҿы ишьҭыхыз атема хадақәа ареспублика аенергетикатә усхкы аҿы ишьақәгылаз акризиси иуадаҩу аҭагылазаашьа аҭышәынтәаларазы анализ аҟаҵареи ирызкын.
Иҟалаз зхарада?
Адгәыр Арӡынба иажәақәа рыла, аенергетикатә кризис мзыс хадас иамоу – аӡынтәи аамҭахәҭа азы Урыстәылантәи афамцамч аашьҭра азы аԥаратә хархәагақәа абиуџьет аҿы иазԥхьагәазымҭаз анагӡаратә мчра аусура ауп. Уи аҟынӡа анеира зыхҟьаз, иара игәаанагарала, ԥыхьатәи Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Жәлар Реизара-Апарламент ала Аԥсны аинтересқәа ирықәымшәоз Урыстәылеи Аԥсни рыбжьара аинвестициатә еиқәшаҳаҭра аратификациа алыршахоит ҳәа инамыцхәны имаз агәрагара ауп.
«Урыстәыла акагьы ахараӡам. Ҳара ҳауп иаашьҭхо афымцамч ахәԥса ашәара злымшоны иаанхаз», - ҳәа иҳәеит Адгәыр Арӡынба.
«Аԥснытәи амилаҭтә еиҿкаара» ахантәаҩы агәра ганы дыҟоуп «Аслан Бжьаниа Урыстәылатәи алигархцәақәак рҿаԥхьа зынагӡара алымшоз ахыдҵақәа ихахьы агара аҩганктәи аизыҟазаашьақәа рҿы ауадаҩрақәа цәырнагеит ҳәа.
«Урҭ ауадаҩрақәа даҽа ганкгьы рымоуп. Иааит аамҭа, аиашьарала, аиҩызарала Урыстәылеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара азы, убри аан урҭ аиашареи аԥсыцқьареи рыла ишьаҭаркызароуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Иҟаҵатәузеи?
Адгәыр Арӡынба иҟоу атәыла Анапхгара ахаҭарнакцәақәак рганахьала аусеиҵаҟьара аҽазышәарақәа шыҟоу умбар залшаӡом ҳәа иазгәеиҭеит. Урҭ аенергетика аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зыхҟьаз абҵарамза 15-19 рзы аҭыԥ зауз ахҭысқәа роуп ҳәа иазгәарҭоит, аха усҟан зегьы ишаадыруа еиԥш хыԥхьаӡара рацәала еизаз ауаажәларра рхаҭарнакцәа акы акун дҵас иқәдыргылоз – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҟынӡа аинвестициатә еиқәшаҳаҭра ахәаԥшра аиагара.
«Ҳара иаҳҳәоз рмаҳаӡеит. Уажәы акәзар, дара ргәаанагарала, шаҟа иуадаҩу аҟара еиӷьуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Акризис алҵразы конкретла иҟаҵатәузеи ҳәа азҵаара аҭак ҟаҵо, Адгәыр Арӡынба амаининг аҿагылареи аԥхынра уи амҽхак ахарҭәаарала Егрытәи Аӡфымцатә Станциа аҟынтәи аӡынтәи аамҭахәҭазы Аԥсныҟа иаашьҭхо афымцамч амҽхак аизырҳареи роуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Аперспективақәа
Адгәыр Арӡынба аенергетикцәа радыԥхьалара шьаҿа-шьаҿала акризис алҵразы апрограмма аиқәыршәара иаҿуп ҳәа иазгәеиҭеит. Аспециалистцәа ргәаанагарала, инагӡаны аҭагылазаашьа аҭышәынтәала залыршахоит хԥа-ԥшьба шықәса рыла.
«Ари иуадаҩу мҩоуп, аха уи ҳара ҳенергетикатә система ажәлари аҳәынҭқарреи рхатәраны аанхара алнаршоит», - ҳәа иҳәеит иара.