Аԥшьгаратә гәыԥқәеи апартиақәеи рышәҟәҭагалара ажьырныҳәамза 6 рҟынӡа имҩаԥыслоит, анаҩс Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидатцәа рышәҟәҭагалара 10-мш рыҩнуҵҟа имҩаԥысуеит.
Аԥсны Ахадас зхы ықәзыргыло ахаҿқәа аҳәынҭқарратә бызшәа цқьаны ишырдыруа азы аԥышәара иахысроуп. Аԥышәара мҩаԥнагоит Алхратә комиссиа Хада ала ҷыдала еиҿкаахо алингвисттә комиссиа.
«Иахәҭоу аусшәҟәқәа зегьы рҭагалара ашьҭахь Алхратә комиссиа Хада 10-мыш рыҩныҵҟа адокументқәа ҭнаҵаауеит, анаҩс акандидатцәа рышәҟәҭагалара мҩаԥнагоит. Уи ашьҭахь акандидатцәа агитациатә усмҩаԥгатәқәа ирылагар азы аофициалла азин роуеит», – ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.
Аҳәынҭқарра Ахада заанаҵтәи иалхрақәа мҩаԥысуеит жәабран 15 рзы.