Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡцарҭатә ӡқәа ррыцқьареи асанитариа атехнологиақәа реиӷьтәреи иазку асеминар еиҿкаахеит Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ахәыҷтәы Фонд (ЮНИСЕФ) ацхырарала.
Асеминар рхы аладырхәит анџьнырцәа, аргылаҩцәа, иарбоу аусхкқәа рҿы аус зуа аспециалистцәа. Асеминар алахәылацәа аӡцарҭатә ӡқәа ррыцқьареи асанитариа атехнологиақәа реиӷьтәреи иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, асептикқәа рыргылара аҷыдарақәа ирзааҭгылеит, аӡцарҭатә ӡқәа ринфильтрациа аметодқәа ирыхәаԥшит, иара убас афито-нџьныртә шьақәыргылагақәеи астабилизациатә аӡҭарчқәеи реиԥш иҟоу арыцқьаразы аԥсабаратә лшарақәа ирылацәажәеит.
Асеминар аҿы аекспертцәа рԥышәеимадара мҩаԥысит, ирылацәажәеит аӡқәа ррыцқьара аметодқәа, убри аан асистемақәа рыпроектҟаҵара аҵыхәтәантәи алҵшәа ишаныԥшуа азгәарҭеит.
Ӡыла аиқәыршәареи Аԥснытәи ашколқәа рҿы асанитар-гигиенатә ҭагылазаашьақәеи реиӷьтәра апрограмма 2025 шықәсанӡа аус аулоит, уи иамҽханакуеит 67 школ, уи ахыԥхьаӡара зынӡа иҟоу аҵараиурҭақәа рхыԥхьаӡара абжа ауп.